Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Краснодартәи атәылаҿацәи Ханты-Мансисктәи Автономтә Округи аҳҭнықалақь аҿы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара аҿы ацхыраара ҟарҵоит.
«Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ақәыршҩы аобиектқәа жәпакы ӷәӷәала ааха рынаҭеит: ари аҩнеихагылақәеи амҩатә инфраструктурақәеи роуп. Краснодартәи атәылаҿацәи Ханты-Мансисктәи Автономтә Округи реиԥш иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аиашьаратә регионқәа аргыларатә маҭәахәқәа рыла ацхыраара ҟарҵеит. Аԥсныҟа иааргоит ацемент, апрофнастил, амҩатә еихыршьқәа, ахыб аҟаҵаразы амҿымаҭәахәқәа, уҳәа убас иҵегьы. Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи иаагаз арҭ аматериалқәа аԥхасҭа зауз аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы акыр ихәарҭахоит. Урҭ зегьы Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аобиектқәа реиҭашьақәыргылара иазырхахоит. Уажәы Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи иаагаз ацемент ақәхра мҩаԥысуеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа Краснодартәи атәылаҿацәи Хантәы-Мансисктәи Автономтә Округи рнапхгараҭарақәа иҭабуп ҳәа рарҳәоит иҟарҵаз ацхыраареи адгылареи рзы», — ҳәа иҳәеит Руслан Аҩӡба.