АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:24

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы азакәанԥҵара аиӷьтәра азҵаарақәа ирылыцәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.         аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы азакәанԥҵара аиӷьтәра азҵаарақәа ирылыцәажәеит цәыббрамза 25 рзы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Елакы аилатәара аҿы. Аилатәара ахь ааԥхьара иҭан аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы Гарик Сангәылиа.

Уи напхгара зиҭо ахылаԥшырҭа аусура атәы далацәажәеит, аколлектив иамоу ахыдҵақәа дырзааҭгылеит, адепутатцәа Аҳәынҭусбарҭа иамоу ауадаҩрақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит. Уи иара убас хыԥхьаӡара рацәала адепцтатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит урҭ аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭусбарҭа иарҭо адгыларазы.

Аилатәара мҩаԥигеит апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа. аседание вел председатель парламентского комитета Резо Зантария.


Read 72 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.