АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Автотранспорттә хархәагақәа рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара азы» азакәан апроект иалацәажәеит Жәлар Реизара-Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Аилак алахәылацәа реилатәара аҿы.  Урҭ азакәан апроект аус адулара иацырҵарц аӡбамҭа рыдыркылеит. Авторцәа ргәаанагарала, иарбоу азакәан апроект ала аҭыԥ иқәҵатәу апроблемақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

- иаарту, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рзы финансла ифеидоу аԥҟарақәеи аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дыргақәа рыҭара, ус иуҳәар ауазар, ипрестижу асериақәеи акомбинациақәеи рыҭара апринципқәеи рышьақәыргылара;

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба диԥыло, ԥхынҷкәынмзазы атәанчахәқәа зегьы ианаамҭоу ршәара алыршахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Ҳтәанчаҩцәа рҿаԥхьа ҳаԥхықәрақәа зегьы хымԥада инаҳагӡоит, еиҵахара ҟалаӡом», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ала инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы иахәаԥшын  «Ареспублика Аԥсны атәылауаҩра азы» Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагарлара азы» Азакәан апроект.

Азакәан апроект ишьақәнарӷәӷәоит Ареспублика Аԥсны атәылауаҩра аиура аҿы азеиԥш ԥҟарақәа рыла еиԥш ирмариоу авариант алагьы, иара убас атәылауаҩра аиҭашьақәыргылара  азы апроцедура азы иназыцҵоу аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, ԥхынҷкәынмза  10,  1950 шықәса инаркны Жәларбжьаратәи ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш азгәарҭоит.  

Ари аныҳәа ихадоу аҵакы змоу арыцхә иадҳәалоуп - ԥхынҷкәынмза 10, 1948 шықәса рзы  ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылеит, иагьрыланаҳәеит Ауаҩы изинқәа рзы Еицырзеиԥшу адекларациа, анаҩс аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа ирыдыргалеит ари Адекларациа атекст аларҵәара, еиҳаркгьы арҵаратә ҵараиурҭақәа, ашколқәа уҳәа рҟны еилыхра ҟамҵакәан, атәыла аполитикатә статуси аҵакырадгьыли иазхьамԥшкәа. Аҩбатәи адунеитә еибашьраан ауаатәҩса ирхыргаз агәаҟрақәа рнаҩс, ари ҷыдала аҵак ду аман.

Есышықәса Жәларбжьаратәи ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш ауаҩы изинқәа рыхьчара аганахьала актуалра злоу апроблемақәа цәырызго иалкаау темак иазкуп. Арҭ атемақәа рыла имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа, аконференциақәа, ауаажәларратә акциақәа.

Аԥсны азинхьчаратә усура амҩаԥгара

Аԥсны ауаҩы изинқәа ҷыдала астатус амоуп. Урҭ Аконституциа иарбоуп. Иҳәатәуп, 1994 шықәсазы ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь Аԥсны жәлар зҭагылаз ашәарҭара ҳасаб азуны, ишрылаҳәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Аконституциа атәылауаа ирнаҭеит Азеиԥш декларациаҟны ишьақәырӷәӷәаз азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Азакәан Хада аҩбатәи ахы ауаҩы атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи ирызкуп. Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 11 инақәыршәаны, ареспублика Ауаҩы изинқәа рзы Еицырзеиԥшу адекларациа иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи иара убас аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, ауаажәларратәии аполитикатәии азинқәа рзы жәларбжьаратәи апактқәеи  егьырҭ азеиԥшзхаҵара змоу жәларбжьара-зинтә актқәеи рҿы иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи азханаҵоит.

Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа иарбоу азинқәа рыхьчараҿы инарыгӡо ароль ҳаракуп. Урҭ рхықәкы хаданы иҟоуп – ауаажәларра рыҩныҵҟа азакәанра ашьақәыргылареи ашәарҭадара аиқәыршәареи. Иарбоу аусбарҭақәа, рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәҭакахьала ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭрақәеи еилазгар зылшо ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаареи реилыргареи рнапы алакуп.

Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рнаҩс аус руеит иҷыдалкаау аҳәынҭқарратә зинхьчаратә институтқәа. Урҭ русура ауаҩы изинқәа рыхьчара амониторинг амҩаԥгара, атәылауаа рзинқәа рыхьчараҿы адгылара рыҭара, иара убас азинхьчаратә ԥышәа аиӷьтәра азы абжьгарақәа рыҟаҵара иазырхоуп.  

Жәабранмза 24, 2016 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент иаднакылеит анагӡаратә мчра иахьыԥшым аҳәынҭқарратә зинхьчаратә усбарҭа ашьаҭа азышьҭазҵаз «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу изы» Азакәан.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба  абылтәы еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аилатәараҿы иазааҭгылеит акризисттә ҭагылазаашьа аҿы аусеицура аиҿкаара азҵаара. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан иҟоу анагӡаратә мчреи абылтәы ала аиқәыршәара еиҿызкаауа абылтәы џьармыҟьа алахәылацәеи русеицара акоординациа азура. 

Ихадоу хыдҵаны иҟоу -  раԥхьа иргыланы агәабзиарахьчара аусбарҭақәа, ачаӡырҭақәа, азинхьчаратә структурақәеи атәылахьчара амчрақәеи реиқәыршәара азҵаара аӡбара.

Иазгәаҭан уажәазы иҟоу абылтәы ҳазхаратәы ишыҟоу. Убри аан арезервқәа ианаамҭоу адгаларазы абылтәы аҭира назыгӡо аилазаарақәа рҿаԥхьа иҟоу ауал етап-етапла ашәара алыршара шхымԥадатәиу азгәаҭан. 

Бадра Гәынба абылтәы еилазаарақәа рнапхгаҩцәа  иаадырԥшуа аилкааразы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

Аенергетикеи атранспорти Рминистрреи афинансқәа Рминистрреи абылтәы ала аиқәыршәаҩцәа аус рыцура акоординациа амҩаԥгаразы адҵа рыҭоуп. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетикатә кризис иахылҿиааз аулафахәы ашәара, абылтәы ала аиқәыршәара, уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәеит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы.  Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба актәи аетап ала аԥаратә хархәагақәа амчратә структурақәа русзуҩцәа ауалафахәы рызшәара ахь идәықәҵан, аҩбатәи аетап ала амиграциатә Маҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә  Еилакы русзуҩцәа руалафахәы ашәара ахь адәықәҵара азԥхьагәаҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҵыхәтәантәи аетап аҿы аулафахәы рызшәахоит асоциалтә усхкы аҿы аус зуа аусузуҩцәа. «Аулафахәы ашәара аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, аха ахылаԥшра аҵаҟа иҟоуп. Уажәы апроблема аӡбара иҟоу аресурсқәа рыла имҩаԥысуеит, ҳара аҳәынҭқарра аԥхықәрақәа рынагӡара аганахьала аусура иацаҳҵоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа атәыла аенергетикатә усхкы аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа инамаданы, ԥхынҷкәынмза  11 инаркны 17 аҟынӡа аҵара апроцесс аанкылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Ас еиԥш аӡбамҭа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы ауадақәа рырԥхара аганахьала ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирыдҳәалоуп. «Ҳара иназыцҵоу аканикулиартә аамҭа агара азы аԥшьгара ҟаҳҵоит, ҳарҵаҩцәеи ҳашколқәеи ҳколлеџьқәеи  рдиректорцәеи ҳхәыҷбаҳчақәа реиҳабацәеи ирыдаагалоит аҵара апроцесс рнапаҵаҟа иргарц, ахәыҷқәа рыҩны рҽазыҟарҵаларц азы аусура аиҿкаара рыдаагалоит», -  ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба ахәышәтәырҭа дуқәа рҿы ишьақәыргылоу агенераторқәа иҭышәынтәаланы аус руеит, аха урҭ рылшарақәагьы ԥкуп ҳәа адырра ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, уажәазы абылтәы азымхара шыҟамгьы, усгьы ахәышәтәырҭақәа ареанимациатә ҟәшақәа русура азы мҽхакы ҭбаала абылтәы адгалара ахәҭаны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аиҳарак Ареспубликатә хәышәтәырҭа, ахшараиуратә ҟәша, агемодиализ аҟәша, ахирургиа аҟәша ауп изҵазкуа. Едуард Быҭәба  иажәақәа рыла адизель-генераторқәа ахьыҟам, мамзаргьы зымчхара маҷу агенераторқәа ахьышьақәыргылоу  ахәышәтәырҭақәагьы ыҟоуп ҳәагьы иациҵеит. «Аҭыԥантәи Ахадара абзоурала, 2-тәи ақалақьтә хәышәтәырҭеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭеи   адизель-генераторқәа роуит. Убасҵәҟьа аиԥш-зеиԥшу аиқәыршәагақәа шьақәыргылоуп иара убас апсихиатриатә хәышәтәырҭеи аонкологиатә диспансери рҿы», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба  Sputnik-Аԥсны  аколлектив ирыдиныҳәалеит жәларрыбжьаратәи аинформациатә Маҵзуреи арадиои рхаҭарнакра Аԥсны иаадыртиижьҭеи жәашықәса аҵра.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу Sputnik-Аԥсны аколлектив! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит жәларрыбжьаратәи аинформациатә Маҵзуреи арадиои Аԥсны иаадыртиижьҭеи 10-шықәса аҵра. Ари аамҭа иалагӡаны Аԥснытәи аинформациа ахархәагақәа рҭаацәараҿы иаанышәкылеит аӡәы иламҩашьо шәҭыԥ. Зықьҩыла аԥхьаҩцәа шәара есымша ирызнашәгоит ажәабжьқәа, ирзыԥшуп аинтерес зҵоу аиҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу шәрадиодырраҭарақәа. Лымкаала иазгәасҭарц сҭахуп, уи азы Аԥсны анапхгара рыхьӡала иҭабуп ҳәагьы шәасҳәоит шәусураҿы аԥсуа бызшәа ахархәара бзиа ахьамоу азы. Аҵак  ду амоуп иара убас Sputnik-Аԥсны аԥшьгарала лассы-лассы аҟазацәа алархәны еиҿышәкаауа Аԥснытәи ажурналист ҿарарацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшь аҳаблаҿы ԥыхьатәи ақырҭуа школ ахыбра аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь араҟа иаатуеит аԥсуа школ, уаҟа аҵара рҵар алшоит  350-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа.  

Гагра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиба иазгәалҭеит: «Цандрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол № 2 аҿы иҟоуп аԥсуа сектор, аха аҳаблаҿы аԥсуа школ аартра аҭахны иҟан, уи азҵаара акыр аамҭа рыҩныҵҟа алацәажәара мҩаԥысуан. Аҭыԥантәи ауааԥсыра раԥшьгаралеи Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь иҟаиҵаз адгылареи ирыбзоураны, аҭыԥантәи амчрақәа ԥыхьатәи ақырҭуа школ ахыбра ареконструкциа азы аԥаразоужьразы аӡбамҭа рыдыркылеит».

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есма Ҳагәышь Жәлар Реизара-Апарламент аӡбамҭала Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс дҟаҵоуп.  

Уи азы ақәҵара рыдыркылеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатацәа. Есма Хагәышь Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс  лыҟаҵара азы рыбжьы арҭеит – 26 –ҩык адепутатцәа, мап ркит – 4-ҩык.

Ҳагәышь Есма Анатоли-иԥҳа диит 1983 шықәсазы.

2001 шықәсазы далгеит Афонҿыцтәи абжьаратәи ашкол.

2007 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет «Азиндырра» азанааҭҵара далгеит.

Цәыббрамза 12, 2007 шықәса рзы Очамчыра араион апрокуратура аусеилыргаҩ имаҵураҭыԥ ахь астажиорс дрыдыркылеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 23, 2024 шықәса рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан, ироуз аоперативтә дырра ахархәарала, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркылеит Урыстәыла атәылауаа Павел Копцеви Владислав Лисови, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.  

Иҟоу адыррақәа рыла, иарбоу ахаҿқәа ашьауӷатә шьҭазаара рҽацәырыхьчарц, аԥаршеи шәҟәқәа рхы иархәаны ареспубликахь иааит. Анаҩс дара закәаншьаҭада атәыла ауааԥсыра рыбжьаҟазарыла аԥсуа-ақырҭуатә ҳәаа ахысра ргәы иҭан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.