Аилатәара рхы аладырхәит акоммуналтә усбарҭақәеи аҳҭнықалақь аҩнусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа.
«Жьҭаарамза быжьба рзы ақәыршҩы ҟалар алшоит. Аныҳәақәа нҵәеит. Сгәы иаанагоит, аԥсшьарамшқәа рзы аус ааур ҟалоит. Аӡәыр хырԥашьа змам аусқәа шәымазар, шәхаҭыԥуаҩцәа адшәыԥхьалар алшоит, жьҭаарамза быжьбанӡа аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәыргылатәуп», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа рнапы ианҵоуп аусуратә план еиқәдыршәарц, инацҵаны атехника қьырала иргарц, ихыҵыр зылшо аӡиасқәа рышьҭрақәа ррыцқьаразы».
Ҷыдала ахшыҩзышьра аҭазароуп Аҟәа ақалақь иалсны ицо аӡиасқәа.
«Иҳамоу атехника зегьы ахархәара аҭазароуп, уи азымхозар араионқәа рҿы қьырала игатәуп, аӡиасқәа рӡыршьҭрақәа рҿы иргылатәуп», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Иара Басла аӡиас аӡыршьҭра аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп ҳәа иазгәеиҭеит, араҟа аӡхыҵра ҟалар ауеит, усҟан ауаа аӡы рыжәлар алшоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аилатәараҿы иара убасгьы иазгәаҭан аҳҭнықалақь аҿы зинда имҩаԥысуа аргыларақәа рызҵаара. Агрба иажәақәа рыла, жьҭаара 20 инаркны Аҟәа ақалақь аҿы акомиссиақәа иахәҭоу азин рымамкәа идыргылаз аргыларақәа раарԥшра иалагоит. Иааиуа ашықәс азы, хазы игоу архитектуратә хылаԥшратә ҟәша аштат аԥҵатәуп, уи еиԥмырҟьаӡакәа агәаҭарақәа мҩаԥызго аусзуҩцәа рыла ишьақәыргылатәуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
«Есыҽны ақалақь иахьаҵанакуа ана-ара архитекторцәа роума, ҳара ҳаума, аӡәгьы ирмазҵааӡакәа џьара акы иҿыцу хыбрак дыргылоит. Сара сгәаанагарала, жьҭаарамза 20 инаркны ҳара ақалақь зегьы ҳалсны агәаҭарақәа мҩаԥааго ҳалагоит. Аҩнусбарҭақәа зегьы рнапхгаҩцәа хаҭала ирдуруазар ахәҭоуп дара рнапхгара аҵаҟа иҟоу аҵакыраҿы имҩаԥысуа атәы, уи азы дара аҭакԥхықәра рыдуп. Сара афотосахьақәа анышәзынасышьҭуа, шәара мышқәак шәадхалоит уи иарбан обиекту, ишцәырҵыз, ианцәырҵыз, уҳәа аилакааразы. Уи аҩыза ҟамлароуп», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Ҭемыр Агрба иара убас амшцәгьа иахҟьаны ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭаразы иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы акомиссиа ахь аусшәҟәқәа оперативла аиқәыршәара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.