АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Жьҭаара.2025

24-ҩык арепатриантцәа ауада ҿыцқәа рзы ацаԥхақәа рнапы иадыркит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иахьа 24-ҩык арепатриантцәа ауада ҿыцқәа рзы ацаԥхақәа рнапы иаиркит.Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Ари аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны. 

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иаҵшьны иҳәеит «Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҵак ду змоу аҳәынҭқарратә уснагӡатәны» ишыҟоу. Уи иацҵаны иҳәеит зыхшара ара ирааӡарц, Ареспублика аргылара зҽалазырхәырц зҭаху ҳрепатриантцәа аҳәынҭқарра есқьынгьы адгылара шрынаҭало.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, аекономикатә уадаҩрақәа шыҟоугьы, ара ииз, изызҳаз атәылауаа нхарҭа ҭыԥла  иеиқәыршәам шыҟоугьы, ҳауаажәлар арепатриантцәа анхарҭа ҭыԥқәа рыҭара азҵаара еилкаарала ишазнеиуа. 

Иахьа ауадақәа рцаԥхақәа зауыз рыҩныҵҟа иҟоуп Аԥсны ахьчаразы иааз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәагьы, Ҭырқәтәыантә, Ҟарачы-Черқьесынтә, Ҟабарда-Балҟариантә.

Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аҭоурых ҿыц аҟны иуадаҩыз аамҭақәа раан ахақәиҭразы ақәԥараҟны Аԥсны иааны рашьцәа иахьрыдгылаз.

«Шәара ацхыраара, адгылара шәыҭара — аҳәынҭқарра иауалуп», — иаҵшьны иҳәеит иара.

Ацаԥха зауыз арепатриантцәа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит ирырҭо азҿлымҳаразы, рҭоурыхтә Ԥсадгьыл аҟны анхаразы алшара ахьрымоу азы.

 

 


Read 105 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.