АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Жьҭаара.2025

Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дырԥылеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥыза-министр Константин Џьуссоев зхадараҟны дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

«Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳәо, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Ҳарҭ еснагь уи аҧхарра ҳныруеит. Ааигәа ҳара ҳаҟан Цхьынвал, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика 35 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә ҳалахәын. Аишьцәа ишырԥыло еиԥш иаҳҧылеит ҳашьцәа ауаԥсаа.

Иацы еицазгәаҳҭоз аныҳәа ҳтәылеи ҳауаажәлари рзы ихадароу ҳәынҭқарратә ныҳәоуп. Ари аныҳәа алыршоуп аиааира иабзоуроуп, 33 ш. раҧхьа ҳадгьыл аҟны имҩаԥысуаз атрагедиа зымҩа иавамгылаз ауаа, зыҧсҭазаарақәа ирмеигӡаз аибашьцәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаԥхарала иҳавагылаз ҳашьцәа зегьы. Ари зегьы ҳзы иҧшьоу ныҳәоуп.

Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп ҳныҳәа ҳацеиҩызшо ҳааигәа иахьгылоу. Шәара ажәала акәымкәа ижәдыруеит аԥышәара хьанҭа аамҭа закәу. Ҳарҭ иаҳгәалашәоит шәара еснагь шәышҳавагылоу, ацхыраара шҳашәҭо.

Исҭахуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ауаажәлари рыхьӡала, Аахыҵ Уаԥстәыла Аресрублика Ахада Алан Гаглоеви ауаԥс жәлари гәыла-ԥсыла иҭабуп ҳәа рашәҳәарц.

Аҭагылазаашьа ҳхы иархәаны, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев ианизыманшәалоу аамҭазы Аԥсныҟа ааԥхьара иаҳҭоит.

Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ҭоурыхла иҳабжьоу аиашьара анаҩсгьы, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара активла аҿиарамҩа аҽахьарҭбаауа ишгәахәара дуу. Ҿырԥшы бзиак аҳасабала, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, ибаџьтәым ахәаахәҭра абжьаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩыз Актәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа ралаԥшҳәаақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи аусура аҩ-ҳәынҭқаррак рыбзазаразы акыр ишыцхыраагӡахо.

«Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аԥхарра зцу ҳаиԥыларазы. Ҳара ҳзы гәахәароуп ҳашьцәа шәыҟны ҳахьыҟоу. Ҳаигәырӷьоит Аԥсны аҿиарамҩа иахьану. Ҳарҭ ҳажәларқәа аҭынчреи аизҳазыӷьареи рахь ирымоу агәазыҳәара акуп»,- ҳәа иҳәеит Константин Џьуссоев.

Аахыҵ Уаԥстәыла аҧыза министр Аҧсны Ахада Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Гаглоев Алан ихьӡала аԥсуа жәлар зегьы аныҳәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.

 


Read 74 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.