АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  10 рзы аҵарауаҩ-орнитолог, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет актәи апроректор, апрофессор Виктор Маланӡиа (1958-2022 шш.) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 66 шықәса. 

Виктор Маланӡиа - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан 2002 шықәсазы. Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаҩи аԥстәқәеи рекологиатә шәарҭадараз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә Академиа алахәыла-корреспондент, Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика Академиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадырратә академиаҟны иаԥҵоу аԥсаатәҭҵааҩцәа рхеилак алахәыла, Урыстәыла аԥсаатәқәа рыхьчаразы Ахеилак алахәыла. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс.

Виктор Маланӡиа акыраамҭа ихьуаз ачымазара бааԥсы иахҟьаны ҵыԥх жьҭаарамза 18, 2022 шықәса рзы  иԥсҭазаара далҵит. Аԥсны дацәыӡит иналукааша аҵарауаҩ ду, зеиӷьаҟам анапхгаҩи апатриоти. Иара инаигӡаз аҭҵаарақәа рышьаҭала Виктор Илиа-иԥа Аԥсны аорнитографиа зегьы асиа еиқәиршәеит, уи  иаҵанакуеит 300 инарзынаԥшуа аԥсаатәқәа рыхкы, ашьхаратә ҵакырақәа рекологиа Аинститут аԥсаатәқәа рколлекциа аревизиа мҩаԥигеит. Аԥснытәи иреиҳаӡоу аҵараиура болонтәи асистема аҟынтәи хәышықәса рыла аклассикатә специалитет аиқәырхарала инагӡоу аҵарахьы аиасра —ауниверситет аԥеиԥш ашьақәгылара аҿы акыр зҵазкуа ароль назыгӡоз Виктор Илиа-иԥа иоуп изыбзоуроу. Иара илшамҭақәа ирыбзоураны

ААУ абиологиа-географиатә факультет аҟынтәи хазы игоу абиологиеи абиомедицинеи рфакультет аҟынӡа иазҳаит, араҟа иазыҟарҵоит ззанааҭтә дырра ҳараку аспециалистцәа. Иахьа афакультет аҿы аҵарауаҩ ихьӡ зху аԥсабара амузеи аус ауеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 16 инаркны ԥхынҷкәынмза  20 аҟынӡа, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит Агәыҳалалратә акциа «Аԥсны аус бзиақәа рзы Ашықәсҿыцтәи амарафон».   Абри атәы Sputnik-Аԥсны апресс-центр аҿы еиҭарҳәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьал, амарафон аиҿкааратә комитет ахантәаҩы Анас Лашәриеи Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» аволонтиортә корпус анапхгаҩы Анисиа Бжьаниеи.

Мактина Џьынџьал амарафон амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟазҵаз акультура-гәыҳалалратә Фонд аволонтиорцәа роуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Мчыбжьык аԥхьа амарафон амҩаԥгаразы ирхиоу аконцепциа лыманы  ҳара ҳофис ахь дадҵаалеит Анас Лашәриа.  Ари хәымш ирҭагӡахо амарафон акәхоит, уи ԥхынҷкәынмза 16 инаркны ԥхынҷкәынмза 20 рҟчнӡа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Иара иазԥхьагәанаҭоит еиуеиԥшым, агәыҳалалра ахықәкы змоу аусмҩаԥгатәқәа. Уи еиуеиԥшым аҟазара-аклассқәа, ахәаахәҭра-цәыргақәҵақәа роуп. Араҟа ицәыргахоит Ашықәс Ҿыц азы аалыҵқәеи арҿиаратә усмҩаԥгатәқәеи», - ҳәа илҳәеит лара.

Мактина Џьынџьал ишазгәалҭаз ала, иарбоу амарафон амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – афонд «Ашана» аҟынтәи ацхыраара зауа ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аԥаратә хархәагақәа реизгара, ахәыҷқәа рыбжьара аинвалидра атема азхьаԥшра, ус еиԥш иҟоу ахәыҷқәа ауаажәларра рахь ринтеграциеи рсоциализациеи азҵаара аӡбара алыршара. Хәымш имҩаԥысло амарафон аҳәаақәа ирҭагӡаны ирҳахо аԥаратә хархәагақәа зегьы ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рыхәышәтәразы идәықәҵахоит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аструктура хадақәа русура аиҿкаара азҵаарақәа рзы аштаб аҷыдалкаатә еилатәара мҩаԥысит Гәдоуҭа араион Ахадара аҿы.

«Зегьы ишәдыруеит иахьатәи амш азы ареспублика аенергетика аусхкы аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа атәы. Ари ҭыԥ-ҭыԥла ицәырҵыз проблеманы иҟаӡам, ари аҳәынҭқарратә масштаб змоу апроблема ауп. Убри инамаданы, ҳара араион ихадоу аструктурақәа русура аиҿкааразы аштаб аԥаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит араион ахада Валери Аҩӡба. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 13 рзы, аиубилеитә  XXX Жәларбжьаратәи акинофестиваль «Сталкер» аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны,асахьаркыратә фильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» (ареж. Наур Гармелиа) москватәи арбара мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла акинорежиссиорцәа Ргильдиа апресс-центр.

Наур Гармелиа ифильм акинематограф аҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит, уи ипрестижу аҳамҭақәагьы аиухьеит. «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» аҭыхрақәа Аԥсны имҩаԥысуан.

Аиубилеитә XXX Жәларбжьаратәи акинофестиваль «Сталкер» мҩаԥысуеит 2024 шықәса, ԥхынҷкәынмза 9 -15 рзы Москва ақалақь аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  207, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (Ахулиганра) аҿы дыгәҩараны Смыр Омар Сергеи-иԥа иганахьала ашьаус хацыркуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит. 

«Ԥхынҷкәынмза 7, 2024 шықәса,  асааҭ 23:00 инарзынаԥшуа, Смыр Омар, Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо аштатнҭыҵтәи ицхырааҩ иаҳасабала, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аресторан «Дольче Вита» аҿы Гагра араион апрокурор Пкьын Б.Иу. деисит, ихи ицәеижьи рахь хыԥхьаӡара рацәала ахәахәарақәа иниҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы ақәыршә (адунеикәшаратә) аныхачаԥа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициалтә Хаҭарнакра ахь иааргеит.

Ахԥатәи адунеикәшаратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, уаҵәы, ԥхынҷкәынмза 10 рзы, ари аныхаҷа Сербиаҟа, уаантәи Германиа, Швециа, Англиа, Скандинавтәи атәылақәа, Австралиа, Иапониа рахь ицоит, анаҩс шьҭахьҟа Москваҟа ихынҳәуеит.

Адунеикәшаратә Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы аныхачаԥа атәылақәа жәпакы ирҭаахьеит. Ацқьа ааӡабхгаҩы Вонифати ихьӡ зху Агәыҳалалратә Фонд ахантәаҩы Наталиа Мезенцева лажәақәа рыла, Аԥсны – ари 67-тәи тәылоуп иарбоу аныхаҷа зҭааз.

«Аныхаҷа иалоуп Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы ақәыршә ахәҭаҷ, уи иерусалимтәи апатриарх Феофил иҟынтәи  ҳамҭас иаиуит. Ари аныҟәара аҳәаанырцә иҟоу Аурыс Иашахаҵаратә Уахәама  аԥхьаиерарх, уажәы зыдунеи зыԥсаххьоу Мрагылара-Америкатәии Нииу-Иорктәии Иларион иқәныҳәалара. Иара апатриарх Феофил дицны ари аныхаҷа напык аҟынтәи даҽа напык ахь аиасрала адунеи аҿы аҭынчра шьақәгыларц Анцәа иҳәара азы ааԥхьара ҟаиҵеит», — ҳәа илҳәеит лара.

Наталиа Мезенцева ари аныхаҷа аныҟәара афашисттә Германиа аиааира ҟалеижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкуп ҳәа иазгәалҭеит. Асовет Архәҭакқәа реилазаараҿы хацәнымырха еибашьуан хыԥхьаӡара рацәала Аԥснытәи афырхацәа, аӡәырҩы аҭынчра ахьчара рхы ақәырҵеит.

Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати (Киут) Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы ақәыршә  аныхачаԥа Аԥсны иахьаҭааз акырӡа аанагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Анцәа Иан динхаҵарала изеиуазаалакгьы, аиашареи ақьиареи иашьҭоу ауаа зегьы реидкылареи рхылаԥшреи асимволра налыгӡоит. Ҳара Анцәа Дзыхшаз Ацқьа Мариа лхылаԥшра ҳшаҵанакуа дырны акырӡа амыҟәмабарақәа зхызгахьоу ҳтәылаҿы ицәырҵуа акризисттә ҭагылазаашьақәа ҳрыцәшәаӡом. Анцәа Дзыхшаз лматанеирала ауаажәларра рыҩныҵҟа хра злоу аиҭакрақәа ҟалар алшоит, аекономикатәии аполитикатәи апроцессқәагьы уахь иналаҵаны», - ҳәа иҳәеит аԥшьаҩы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба ахылаԥшырҭа аколлектив алархәны инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аминистрра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аҭыԥқәа рҿы аусура шымҩаԥысуа азы адырра ҟарҵеит. Урҭ атәыла ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәа хәшәыла реиқәыршәареи рфинансыркреи аганахьала уадаҩрақәак ыҟоуп ҳәа иазгәарҭеит. Иарбоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы Аминистрра ала активла аусура мҩаԥысуеит. 

Едуард Быҭәба хазы ахшыҩзышьҭра аиҭеит амедицинатә усбарҭақәа афымцамч ала реиқәыршәара азҵаара. Аенергетика аусхкы аҿы ауадаҩрақәа шыҟоугьы агәабзиарахьчара Аминистрра абжьааԥнытәи арежим ала аус ауеит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аиԥылара мҩаԥигеит. Аиԥылара аҿы иалацәажәеит аиқәԥареи атлетика хьанҭеи рзы ԥыхьатәи ашкол ахыбра акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.

Аилацәажәара рхы аладырхәит аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы Гарик Сангәлиа, аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәа.

Аҟәа ақалақь, Аршба имҩала игылоу, зыбжа бгахьоу ахыбра иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа раан, ауаажәларратә протестқәа шыҟазгьы, уи зымпыҵаку ила шьаҭанкыла ихыбгалан.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Шьамтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи Шьамтәыла ажәлар ринтересқәа ирықәшәо еиқәырхахап ҳәа агәыӷра амоуп, - ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.  

«Аԥсны анапхгареи ажәлари Шьамтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа рыхшыҩ азышьҭны ирыцклаԥшуеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәыӷра амоуп, Шьамтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи Шьамтәыла ажәлар ринтересқәа ирықәшәо еиқәырхахап ҳәа.

Аибашьратә кризис аанкыламхар – арегионалтә шәарҭадара мацараз адагьы, адунеизегь азгьы ишәарҭоу ахҟьаԥҟьақәа рахь икылнагар алшоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.