Евстафи Аԥсилтәи иныхачаԥа Елыртәи ауахәамаҿы икыдуп. Аԥшьа аԥсҳамаҭәа ишәны дҭыхуп, уи ихылҵшьҭра аанарԥшуеит. Инапаҿы икуп ҩ-хык змоу ахыц. Арҭ рҩызцәа ахыцқәа Гьаргь Аиааирагаҩ иныхачаԥа азааигәа идыргылон.
Евстафи Аԥсилтәи раԥхьатәи аԥсуа ԥшьацәа дреиуоуп, итәылаҿы еиҳа пату иқәуп, аԥсуа уахәама имҵаныҳәоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахо иалагеит Евстафи Аԥсилтәи иныхачаԥақәа, ауаа еиҳа дырдыруа иҟалеит.
Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи Аԥсны дахагылан VIII ашәышықәса алагамҭазы, «аԥсилаа рыбжьара акыр ҳаҭыр-пату зқәыз, зышьҭра бзиаз» Аԥсны аԥсҳа Марина диԥан.
738 шықәсазы ахалиф Хишам иԥа Сулеиман зхадараҿы дыҟаз арабцәа ашьахатәыла Аԥсны ианақәла (Византиатәи аимпериа абашьраан), Ҵабалтәи абааш Сидерон иахьаҵанакуаз аибашьра ӷәӷәа ҟалеит. Аԥшьа Евстафи дыҭҟәаны Харранҟа дган.
Ҩышықәса аԥсуа аҳ Месопотамиа, ажәытә қалақь Харран дыҭҟәаны дрыман (убри азы иара лассы-лассы Харрантәи ааӡабхгаҩы ҳәа изырҳәалоит). Абри аамҭа зегьы арабцәа иара мчыла аԥсылманра адкылара идыргалон. Ирҭахыз анзалмыршаха, 740 шықәсазы иара аԥсылманра ахьидимкылаз азы Сулеиман Ибн Исам идҵала аџьамыӷәацәгьа дҭаргыланы дшьын. Евстафи егьа ддыргәаҟзаргьы идин имԥсахит, Анцәа димҭиит.
Ааӡабхгаҩ Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи инышәынҭра ақьырсианцәа рзы иҭыԥԥшьаны иҟалеит, арахь аныҟәарақәа мҩаԥырго иалагеит, Евстафи ибаҩ-ишаҩ ахьыҟаз аҭыԥ аҿы иааиуаз ауаа рчымазарақәа рыхҟьон, абзиахара иалагон.
Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи дыргәаҟны дшьыршьызи уи анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы иҟало абзиахара иадҳәалоу аџьашьахәқәеи рзы ажәабжь лассы Аԥснынӡагьы инаӡеит. Аԥснытәи Ауахәама, усҟантәи аамҭазы ахьыԥшымра заухьаз, Анцәа иажәа иахымԥаз, Аԥсны алахьынҵа бзиа иазықәԥоз ихьӡ ҷыдала иазгәанаҭо иалагеит. Анцәа, Аԥсуа дгьыл аҿы Евстафи еиԥш ауаҩ иаша, ауаҩыцқьа, адин азы амали, амчреи мап ацәызкыз дшыҟоу аниба, аҳ Леон аамҭа кьаҿ иалагӡаны иӷәӷәоу, ихьыԥшым аиашахаҵаратә Аԥсуа ҳәынҭқарра аԥҵаразы диқәныҳәоит, амчи алшареи ииҭоит.
Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи (Харрантәи) мрагыларатәи ауахәамаҿы ихьӡ ҳаракуп. Иҟоу ажәытәажәа ала, Аԥшьа Евстафи ианиаамҭаз иргәаҟны иҭархаз зыхьӡ ихыз Евстафи Плакида ихьӡала Ҵабал ауахәама иргылахьан. Ауахәама аныҳәарҭатә ҩкаага аҭӡысахьақәа зныз хаҳәцәыла иҩычан.