Аҳәынҭқарра Ахада идҵақәа
– Ишьақәырӷәӷәоу Ахықәкы хада инақәыршәаны иазԥхьагәаҭоу аҿҳәара иҭагӡаны имҩаԥгазааит архәҭатә гәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәареи» алархәны, ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа.
– Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәи аусбарҭақәа ацхыраара рыҭара аиҿкаара амобилизаиатә зҵаарақәеи аҵакырадгьылтә хыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рыҟны, азыҟаҵарақәа раан урҭ русура ахылаԥшра амҩаԥгара.
– Атәылахьчара аминистри Арбџьармчқәа рыштаб Хада Аиҳаби:
- архәҭақәа разыҟаҵара иацҵаны амҩаԥгара;
- арҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рыӡбаразы азхәыцралатәи адыргақәа рышьақәыргылара, иара убас урҭ рыԥкрақәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭазааит Пилотда аԥырра аппаратқәа рхархәара изқәиҭыԥ аҭыԥқәа рыҟны, иара убас ирыхьчо аобиектқәа ирзааигәаны.
- оператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рылҵшәақәа анализ рзура, атәыла хьчара аҽазыҟаҵаразы лыҵшәа змоу ауснагӡатәқәа ирызку, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа изызку ауснагӡатәқәа рынагӡара разыҟаҵара, иара убас амобилизациа аиҿкаареи аҵакырадгьылтә хьчареи рзы ажәалагалақәа разырхиара.
- 2025 шықәса абҵарамза 10-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҟны инаганы ахцәажәара;
- аибашьра аамҭа иаҵанакуа апланқәа нхарҭәааны араионқәа рҵакырадгьылтә хьчара штабқәа, рымчқәа радԥхьалара;
- архәҭақәа, амчқәа, азыҟаҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рҽырзыҟаҵара иазку ахархәагақәа апрактикаҟны русура ахысырҭақәа рыҟны аибашьратә хысрақәа рымҩаԥгарала.
– Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа адиректор:
- хаҭала азыҟаҵарақәа ирылахәзааит иааныркыло амаҵзурақәа инарықәыршәаны;
- рнапаҵаҟа иҟоу амчқәеи аусбарҭақәеи аҽазыҟаҵарақәа раан разыҟаҵара еиҿыркааит;
– Аҽазыҟаҵарақәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рнапхгара:
- архәҭақәа, амчқәа, ахархәагақәа имҩаԥырго апрактикатә усқәа раан ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәныҟәара алдыршааит;
- жәлар рынхамҩа аобиектқәеи атәылауаа рхазхаҭалатәи ахатәреи аԥхасҭа рыҭара алдмыршааит;
- администрациақәа рхадацәа архәҭақәа, амчқәа, ахархәагақәа гәыԥ-гәыԥ рҽеихшара ахырхарҭақәа ақәдыршаҳаҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рколоннақәа рыцныҟәара алыршаны.