АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Цәыббра.2025

Акультура аминистр Даур Ақаҩба Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Чонджу Крафт Биеннале 2025 даҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба Аладатәи Кореиа цәыббрамза 2 инаркны абҵарамза 2 аҟынӡа адевиз «Адунеи ҳаргылоит» («Строим мир») ала имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Чонджу Крафт Биеннале 2025 даҭааит (Cheongju Craft Biennale 2025).

Ҩы-шықәса рахь знык имҩаԥысуа аусмҩаԥгатә акерамика, аба, уҳәа уахь иналаҵаны  анапҟазарақәа рыхкқәа зегьы амҽханакуеит. Сынтәа еиқәыршәахеит 22 цәыргақәҵа. Ихадоу ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит 16 тәыла рҟынтәи 140-ҩык инарзынаԥшуа аҟазацәа рнапы иҵыҵыз 300 инареиҳаны аусумҭақәа.   

«Сара иахьа насыԥ сыман аиҿкааҩцәа рааԥхьарала ацәыргақәҵа Чонджу Крафт Биеннале 2025 аҭаара. Ари акыр зымҽхак ҭбаау усмҩаԥгатәуп. Ари агәазҭазаара ду узҭо ԥышәоуп, уи анырра ӷәӷәоуп!» - ҳәа иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба.


Read 53 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.