АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 23:03

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иџьынџьуаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иџьынџьуаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!

Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь – Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш!

Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы имҩаԥгаз ажәыларатә операциа иабзоураны Аԥснытәи ар Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭыртәит. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәрала ишьақәгылеит 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира ашьаҭа!

Ҳара  Аҟәа ақалақь зхы иақәиҭызтәуаз зегьы ҳгәалашәоит,  иҭахаз зегьы наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит, ес ииуа абиԥарақа рахь ииаслоит. Афырхацәа-ахақәиҭтәҩцәа ргәалашәара урҭ рыхьӡ зху ҳаҳҭнықалақь амҩадуқәа,  рыхьӡала ишьақәыргыло абаҟақәеи амемориалтә ӷәқәеи  рҿы иаанхоит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит иаҳзааргаз аиааира азы. Иахьа зыԥсы ҭаны иҳавагылоу ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиареи ашықәснҵыра дууи. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Аҟәа аиҭашьақәыргылара злагала ду алазҵаз ақалақь ауааԥсыра зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.

Аҟәа – аҿиара, аизҳазыӷьара, ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиԥш лаша иасимволуп. Уи фырхаҵарала зыԥсадгьыл ахьчара зылшаз аҵеицәа рыла, зааԥсарала ахьӡ ҭызгаз ауаа рыла агәы дууп.  Ҳара ҳреспублика ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳаргылоит ҳаиҳабацәа иаҳзааргаз асуверенитет арӷәӷәарала. Аԥсуа жәлар рхьыԥшымреи ракзаареи иасимволны есааира ишәҭыкакаҷлааит Аҟәа ақалақь, шеишықәса аԥеиԥш бзиа амазааит.

Аҟәаа зегьы хра злоу аусуреи агәабзиареи агәалаҟазаара бзиеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит! Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш шәадныҳәалазааит зегьы!»


Read 127 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.