Иалацәажәан авизит апрограмма — иазгәаҭан асоциалтәи аекономикатәи усхкқәа рыҟны азеиԥш проектқәа рынагӡаразы аԥхьаҟа иҟаҵатәу ашьаҿақәа.
«Аиааира амш ҳара ҳзы иԥшьоуп, абри аҽны Шәара абра шәахьыҟоу ҳажәлар зегьы аиҩызареи аҳаҭырқәҵареи ирдырганы иахәаԥшуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.
«Усҟан иеиуеиԥшым Урыстәыла арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны жәлар иарӷьажәҩаны ирыдгылан. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит иахьа Донбаси Новороссии рхьыԥшымразы ақәԥара анымҩаԥысуа Аԥсны аҵеицәа хыԥхьаӡара рацәала афырхаҵара аарԥшны иахьеибашьуа», – иҳәеит иара убас Сергеи Кириенко.
Аганқәа аԥсны-урыстәылатәи аусеицура арҭбаара ишазхиоу атәы рҳәеит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьа есааира аҿиара ишаҿу азгәаҭаны.