АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2025

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира агара Амш 32 шықәса ахыҵра иазку арратә парад.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира агара Амш 32 шықәса ахыҵра иазку арратә парад.

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аҟәатәи агарнизон аҟәшеиҵақәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәрҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи абыжьбатәи урыстәылатәи арратә базеи рырратә гәыԥқәеи Ахьӡ-аԥша апарк аҿаԥхьа Аидгылара амҩала   шьаҿеиқәшәала ииасит.

Ицәыргаз атехника:
  •  аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рҳаиртә ескадрилиа;
  •  артиллериатә гәыԥ аполктә минометқәа рбатареиа М120;
  •  аҳауаҿагыларатә хьчара азениттә шьақәгылақәа;
  • атанкҿагыларатә баталион агаубицатә батареиа;
  •  аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа "Град";
  •  Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟқәа зхагылаз авертолиотқәа Ми-8, Ми-2;
  • 7-тәи Урыстәылатәи арратә база еиҭарҿыцу акәылӡтранспартиорқәа.

Апарад напхгара аиҭон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Аныҳәа ииасра зынӡа рхы аладырхәит 700-ҩык инареиҳаны аруаа. Апараддтә ныҟәара иацын аоркестр. Аиааира 32 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз арратә парад хыркәшан акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" ала.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аныҳәатә парад иалахәызи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит: 

«Афырхаҵареи Аԥсадгьыл абзиабареи ирсимволны иҟалаз ари амш иахьагьы ҩнаҭа цыԥхьаӡа ахьаагьы ацуп, агәадурагьы. Избан акәзар Аиааира амш иахҭнаҳҵаз рацәоуп.

Зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымра рхы ақәырҵеит. Зхы иақәиҭу Аԥсны Аҳәынҭқарра урҭ ршьала икәабоуп. Аԥсуа жәлар ыҟанаҵы наунагӡа ргәалашәараҿы иҟазаауеит ҳфырхацәа рыхьыӡқәа.   

Иахьа акыр шықәсқәа рышьҭахь ибзианы иеилаҳкаауеит: ахьыԥшымразы ақәԥара макьанагьы ишхыркәшам.   Қырҭтәыла аполитикцәа иахьагьы рыгәҭакқәа ирыцәхьаҵуам. Амч ахархәара мап ацәкразы аикәшаҳаҭра аҵаҩра ргәы иҭаӡам. Аха ҳара ҳаԥсадгьыл ахьчара ҳазхиоуп. Уи азы есааира арӷәӷәара ҳаҿуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара арра-техникатә усеицзура", — иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иқәгылараҿы иҳәеит:

«Иаҵшьны исҳәарц сҭахуп, ари амш иҷыдоу мшуп, 33 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны жәлар гылеит рыдгьыл гәакьаҟны аҟазааразы, рбызшәа, рҭоурых ахьчаразы. Урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылеит Аԥсны ԥсадгьылс изыԥхьаӡо аерман, аурыс, аеллин милаҭқәа реидгыларақәа. Урыстәыла усҟан шәара ишәыдгылан.  Ҳара иаҳгәалашәоит Урыстәыла арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала иааз аказакцәа, Приднесторовиа аибашьцәа. Аԥсны жәлар ирыцхраарц иааз зегьы. Ари Аиааираҟны инаигӡаз ароль дуӡӡоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба. Иара игәамч ӷәӷәа, иҟәыӷара, амилаҭ реидкыларазы илаз аҟыбаҩ Аиааирахь инанагеит».

Иара убас имҩаԥысит «Ԥсра зқәым аполк» аныҟәара. Акциа иалахәыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥара иалахәыз рыуацәеи рҭынхацәеи рфотосахьақәа кны иқәсит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 94 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 16:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.