АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2025

Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи ажәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аиааира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа имҩаԥысыз аныҳәатә парад аҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа! Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, Акыр иаԥсоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, аруаа, асасцәа, Апарад алахәылацәа!

Сара сзы насыԥ дууп иахьа абра Урыстәыла Ахада, Адҵаҟаҵаҩ  ихьӡала адныҳәалара аԥхьара.

 ***

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаа! Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа шәыдышәкыл! Ари аныҳәа ахьыԥшымразы, имариамыз ақәԥараҟны ахы иақәиҭны анхаразы азин ахьчара зылшаз Аԥсны жәлар ргәымшәареи иаадырԥшыз ахачҳареи ртәы аҳәоит. 

Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аидгылареи астратегиатә ҟазшьа змоу аусеицуреи қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Агәра згоит аринахысгьы ахырхарҭақәа зегь рыла лыҵшәа змоу аусеицура аизырҳара шҳалшо.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, ареспублика атәылауаа – аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аизҳазыӷьареи.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин».     

 


Read 74 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 17:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.