АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2025

Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәеит Џьгьарда ақыҭан.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәеит Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥыза-министр Константин Џьуссоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа. 

 

 


Read 45 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.