Урыстәыла Афедерациа Ахеилак Афедералтә Еизара асенатор Алеқсандр Карелин адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Уи Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иԥылара атәы далацәажәеит.
«Ҳиԥылараҿы ҳазааҭгылеит аҭаоурыхтә зҵаарақәагьы, ҳара иаҳзеиԥшу аҭоурых ҳалацәажәеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Асенатор иара убас апартиа ахантәаҩы ҿыц иҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа дырзааҭгылеит:
«Иахьа Алхас Барзаниа иҿаԥхьа апартиа Аԥсны азы хра аланы иҟазҵаша, аҳәынҭқарра Ахада иусураҿы дзықәгәыӷша усбарҭаны иҟаларц азы аусура амеханизм ашьақәыргылара хыдҵаны иқәгылоуп».
Алеқсандр Карелин аԥсны-урыстәылатәи аусеицура, «ҭоурыхла реизааигәара иабзоураны ауаажәларра русуралшара аизырҳареи аҿиара иазҿлымҳаны рыҟалареи иацхраауеит» ҳәа иазгәеиҭеит.
Ареспубликатә политикатә партиа «Уаԥстәыла Акзаара» ахантәаҩы Ацамаз Бибилов Аизараду аусура ахәшьара ҳаракны ишьеит.
«Апартиа «Аԥсны Акзаара» Аизараду иреиҳау аҩаӡараҿы имҩаԥысит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп , иқәыргылаз ахықәкқәеи ахыдҵақәеи хымԥада рынагӡара шалыршахо», – ҳәа иҳәеит иара. Ацамаз Бибилов ҿыц иалырхыз апартиа ахантәаҩы Алхас Барзаниа ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит. Апартиа «Аԥсны Акзаара» ахантәаҩы Алхас Барзаниа Аизараду асасцәеи аделегатцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Гәахәара дууп иахьа абас ирацәаны ауаа, партиак иалоу ҳҩызцәа ахьеизаз. Ҳара ҳахь иааит ҳаҭыр зқәу асасцәа, агәра ганы ҳаҟоуп, зегьы иаҳзеиԥшу хра злоу аус ду шыҟаҳҵо. Агәра ҳгоит, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ԥхьаҟа ацара шҳалшо. Иҭабуп иахьа адгылара ҳазҭаз зегьы», - ҳәа иҳәеит иара.