АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:48

Аԥсны аусура иалагеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) аҳәса-афермерцәа адгылара рыҭара иазку апроект ҿыц.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы, жьҭаарамза 9 рзы аусура иалагеит «Аԥсны аҳәса-афермерцәа рекономикатә ҭышәынтәалара адгылара аҭара» ҳәа хыс измоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроект ҿыц.

Апроект ақыҭанхамҩа знапы алаку аҳәса адгылареи ацхыраареи рыҭара иазырхоуп. Уи ихадоу ахырхарҭақәа ҩба амҽханакуеит: ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьреи ашәырқәеи ауҭраҭыхи аус рыдулареи. Атехникатә цхыраара аҭара анаҩс апроект иалагалоуп ақыҭанхамҩатә компонент. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афермерцәа анхамҩа амҩаԥгаразы ҳаамҭа иақәшәо апрактикақәа рзы хра злоу адыррақәа раиуразы алшара рзаԥҵахоит.  

«Уи аҳәса-лахәылацәа рџьабаа алҵшәа ашьҭыхра, рҭаацәа рекономикатә ҭагылазаашьа еиҳа арӷәӷәара, аҭыԥантәи аҭыжьратә еилазаара арҿиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроекттә офис  апост-релиз аҿы.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа апроект ахықәкқәа рзы, уи аетапқәеи адгылара аформақәеи рзы хра злоу адыррақәа роуеит, иара убас уаанӡа имҩаԥгаз апроектқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) аус рыцзухьаз аҳәса рҭоурыхқәа раҳаит.

«Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) аҳәса-афермерцәа адгылара рыҭара иацнаҵоит, анхамҩа амҩаԥгараҿы ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәа ралагалареи апрофессионалтә дыррақәа реизырҳареи рганахьала ацхыраара рынаҭоит. Ҳара агәыӷра ҳамоуп ари апроект иҭышәынтәалоу ақыҭанхамҩеи Аԥсны ақыҭанхамҩатә раионқәеи рыҿиаразы хадара злоу инструментны иҟалоит ҳәа», - иазгәалҭеит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроекттә офис ахада Алеқсандра Смычкович.

Апроект ахацыркра  – аграртә сектор аҿы аус зуа аҳәса акыр аамҭа зҵазкуа адгылара рыҭаразы иӷәӷәоу ашьаҭа акра ахь даҽа шьаҿакны иҟалоит.  

Апроект нагӡахоит аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агентра (SDC) иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны.

 


Read 53 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.