АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:03

Алхратә комиссиа 36 аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭанагалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 8 рзы Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа   мҩаԥысуеит. Аҟәатәи алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас ЏьапуаАԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аҟәатәи ақалақьтә Езара ахь адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.    

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара хыркәшахоит жьҭаарамза 19 рзы.

Алмас Џьапус иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иахьатәи амш азы ашәҟәы иҭагалоуп  36 аԥшьгаратәгәыԥқәа.

«Ҳгәы иаанагоит урҭ рхыԥхьаӡара еиҳагьы иацлоит ҳәа. Ҳара иҳадҵаалон еиуеиԥшым апартиақәа рхаҭарнакцәа. Урҭ асиа ала рхаҭарнакцәа рықәыргыларазы агәҭакқәа рымоуп. Апартиа «Амцахара»  алхратә комиссиа ахь акандидатцәа рыдгалара мҩаԥнагеит. Иахьа апартиа «Аԥсны Акзаара» арегионалтә конференциа мҩаԥгахоит, уаҟа апартиа аҟынтәи акандидатцәа рсиа шьақәырӷәӷәахоит. Аконференциа ахь ааԥхьаа рырҭеит алхратә комиссиа ахаҭарнакцәа. Ҳара ҳазыԥшуп еиҭа егьырҭ  апартиақәа рҟынтәи акандидатцәа рықәыргылара. Ҳара ҳгәы иаанагоит Аҟәа ақалақьтә Еизара амандатқәа раиуразы акандидатқәа рхыԥхьаӡара уажәы еиҳа ирацәахар алшоит ԥыхьатәи алхрақәа раан аасҭа»,   – ҳәа иҳәеит Алмас Џьапуа.

Алмас Џьапуа иажәақәа рыла, ателеканал «Абаза ТВ» ишиашоу аефир аҿы  акандидатцәа рқәгыларақәа азԥхьагәаҭоуп.

«Адепутатрахь акандидатқәа рышәҟәҭагалара ашьҭахь, ақалақь ауааԥсыра ркандидатцәа еиҳа еиӷьны ирдырырц, урҭ рыпрограммақәа еилыркаарц азы ҳара ҳҽазаҳшәоит есыҽны акандидатцәа алархәны ишиашоу аефир ахь ацәырҵра», – ҳәа иҳәеит Аҟәатәи алхратә комиссиа ахантәаҩы.

Аҟәа ақалақьтә Еизара ахь иалххоит 19-ҩык адепутатцәа.

***

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы» Азакәан ахәҭаҷ  18 инақәыршәаны, апроцедура алхрақәа рымш 40 мшы шагу иалагароуп, абжьыҭара амш 20 мшы шагу ихыркәшахароуп: цәыббрамза  29  инаркны жьҭаарамза 19 аҟынӡа.

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара зылшо алхратә еиҿкаарақәеи алхыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥқәеи роуп. Азакәан инақәыршәаны алхратә еиҿкаара азин амоуп кандидатк алхратә округ аҟынтәи иқәыргылара.

Анаплакқәа, аусбарҭақәа, аҵараиурҭақәа рколлективқәа, аҭыԥ аҿы инхо алхыҩцәа ралхратә еиҿкаара аизара азимчы амоуп ҳәа иԥхьаӡахоит уи 50-ҩык иреиҵамкәа алхыҩцәа алахәызар.   Алхыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ аҟынтәи акандидат иқәыргылараан хәҩык иреиҵамкәа излахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥырҵароуп.

Алхыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ аҟынтәи акандидат иқәыргылараан хәҩык иреиҵамкәа излахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥырҵароуп. Алхыҩцәа ргәыԥ ақалақь, араион, араион иалоу ақалақь, аҳабла, ақыҭа иатәу алхратә комиссиа аҿы ашәҟәҭагалара иахысуеит. Ақалақь, араион, араион иалоу ақалақь Аизара адепутатрахь акандидат иқәыргылара азы алхыҩцәа ргәыԥ ала акандидат идгыларазы 50 иреиҵамкәа, аха убри аан 70 иреиҳамкәа аокруг алхыҩцәа рнапынҵақәа реизгара алнаршароуп, аҳабла, ақыҭа Аизара ахь акәзар –  10-ҩык иреиҵамкәа алхыҩцәа рнапынҵақәа.  

 

 

 

 

 


Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.