АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2025

Амчратә ҟәшеиҵақәа изакәанымкәа амаининг аҿагылара иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь, Очамчыратәи амҩала игылоу ахыбраҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара ахылаԥшреи аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәеи иԥшааны ирымырхит:

  • аҩны №17 агәраҵа аҿы – 45 цыра иаҿыхыз амаининг-аппаратқәа. Урҭ рыԥшәма Кокосқьериа Олег Артиом-иԥа иоуп;
  • Аҩны №12 аҿы – 15 цыра аус зуаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшааит. Урҭ зтәу Маан Алықьса Алықьса-иԥа иоуп. Ирымырхыз аиқәыршәагақәа Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахь ииагахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Абҵарамза 5 рзы Гал араион Риап ақыҭан, атәылауаҩ Анҭиа Р.Р. иҩны аҿы аҳазалхратә ҭыԥ «Гал» аусзуҩцәеи Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи ирбеит абжьы хызҽуа аиашьыкьқәа ирҭаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа ԥшьба, иара убас урҭ ирнаало аԥсахга хәҭақәа — быжь кулерки аинтернет –коммулиаторки, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Ианырыԥшааз аамҭазы аппаратқәа афымцацәаҳәа иаҿакын, аусгьы руан.

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусеилыргареи аусҭҵаареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.

Абҵарамза 6 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аконтрабандеи аҳазалхратә цәгьоурақәеи рҿагыларазы аусбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь, Ҷанба имҩа, 6-тәи амҩаҿахҵәа аҿы иҟоу уаҩ дызхым аҩны №29 агәаҭара мҩаԥыргеит.

Агәаҭараан ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазкыз аппаратқәа ааба, урҭ уи аамҭазы аус руӡомызт. Аппаратқәа зтәыз 1997 шықәсазы ииз  Артиом Акоп-иԥа Аироиан иоуп. Артиом Аироиан иарбоу атауар Аԥсны иахьаҵанакуа аҳазалхратә шәҟәҭагалара ишахысыз азы аусшәҟәқәа раарԥшра илымшаӡеит.

Ари аус азы аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусеилыргареи аусҭҵаареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.


Read 70 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.