Аусмҩаԥгатә аартуа, Москватәи акультура-усуратә Центри Аҟәа иҟоу Москва-Аҩны ахаҭарнак Мариа Соиа, ари амедиашкол апроект Аԥсны раԥхьаӡа акәӡам инагӡахоижьҭеи ҳәа иазгәалҭеит. Уи лажәа иацҵо, апроект алахәылацәа алекциақәа рзыӡырҩра анаҩсгьы ироуз адыррақәа апрактикаҿы ахархәаразы алшара роуеит ҳәа илҳәеит.
Ажурналист, апродиусер Мариа Черкасова азыӡырҩцәа ирзеиҭалҳәеит амедиа аҿы анеироҳақәа рхархәаразы адыррақәа ртәы. Уи лажәақәа рыла, анеироҳақәа ажурналистцәа рмыцхәрара шырзанымыгӡогьы, Иԥсабаратәым аинтелект хыдҵақәак ахахьы агарала урҭ русура ахаҭабзиара аҩаӡара акыр ишьҭнахыр алшоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Анеироҳа – ари цхыраагӡоуп, аха шәара шәмыцхәрас иҿыцу акы ахәыцра алшаӡом. Уи иҟоу аинформациа ала ауп аус шауа. Анеироҳақәа рыцхыраарала атекстқәеи асахьақәеи рышьақәыргылара, атестқәа реиҭагара, аналитика аԥҵареи ахқәа рыԥшаареи алшоит. Аха ус ишыҟоугьы анеироҳа зыԥсы ҭоу аимадара заԥсахӡом, мамзаргьы ажурналист ифункциа инагӡаны анагӡара залшаӡом», - ҳәа илҳәеит Мариа Черкасова.
Атеориатә хәҭа ашьҭахь азыӡырҩцәа анеироҳақәа рхархәарала аусураҿы рыҽԥыршәартә еиԥш алшара рзаԥҵан. Урҭ акомандақәа рыла рҽеихшаны аԥҵараан асахьақәеи атекст абжьы ахаҵареи рзы активла ҳаамҭазтәи анеироҳақәа ахархәара зауз доусы рыпроектқәа рыхьчон.
Абҵарамза 14 рзы имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ртеманы иқәгылан ахалаӡыргара аҟазара. Алекциа даԥхьоит еицырдыруа ажурналист Гузель Камаева, уи иарбоу аусхкы аҿы лдыррақәеи лԥышәеи рымалдоит.
Уи анхыркәшахалак ашьҭахь алахәылацәа асертификатқәа рыҭахоит.
Аусмҩаԥгатә Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти аиџьынџьуаҩ Москватәи Аҩни иҟарҵаз адгыларала еиҿкаауп.






