АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2025

Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо рзы Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи ма раиуреи апроцедура армариоит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Анапхгара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иааԥмырҟьаӡакәа инхо, урыстәылауаҩра змоу рзы Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи ма раиуреи апроцедура армариоит.

Аинформациатә Маҵзура ТАСС иҟанаҵо адыррақәа рыла, шьҭарнахыс иарбоу атәылақәа рҿы инхо атәылауаа Урыстәылаҟа ацарада ртәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи ма раиуреи рзы алшара роуеит. Арҭ азҵаарақәа рыӡбалоит ареспубликақәа рҵакыраҟны аамҭала аус зуло Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа.

Ари аиҭакра иарбоу ареспубликақәа ртәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра рыдкылареи урҭ урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара апроцедура аҷыдарақәеи иадҳәалоу Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟақәа ҩба рышьаҭала инагӡахоит. Ақәҵара инапы аҵеиҩит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.

 


Read 41 times - Ахәаша, 14 Абҵара 2025 23:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.