АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Абҵара.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш азы Ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар  ихадаӡоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа иреиуоу –  Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит аҵак дуӡӡа змоу аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!

Аконституциа адкыларала Ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети ашьақәырӷәӷәара амҩаҟны илахьынҵаӡбагаз ашьаҿа ҟаҵан. Ихадароу ари азакәан иҳәаақәнаҵеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра аполитикатә, азинтә, адоуҳатә шьаҭақәа, ишьақәнарӷәӷәеит иреиҳаӡоу аԥҟарақәа – ауаҩы изинқәа, ихақәиҭрақәа, иаԥнаҵеит ҳтәыла адемократиатә шьақәгылашьа.

Аконституциа аԥҵара – уи авторцәа рҟәыӷара дуи рҭакԥхықәреи ирылҵшәоуп. Авторцәа рыҩныҵҟа иҷыдоу аҭыԥ ааникылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Уи инапхгарала ишьақәгылан аҳәынҭқарратәра, ишьақәырӷәӷәан иахьагьы Аԥсны злашьақәгылоу апринципқәа – ахьыԥшымра, аиашара, жәлар ракзаара, аҭоурыхтә шьаҭақәа ҳаҭырла рзыҟазаара.

Аконституциа ажәлар ргәазыҳәара шаанарԥшуа еиԥш, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳтәылауаа рхақәиҭра, зинлатәи рыхьчара, ршәарҭадара, реиҟарара симвора рызнауеит. Уи иҳаднаҵоит ҳтәыла аҿаԥхьа аҭакԥхықәра, уи асуверенитет ахьчара, аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа рырӷәӷәара», -ҳәа иаҳәоит адныҳәалараҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны атәылауаа зегьы ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, уаҵәтәи аԥеиԥш лаша агәрагара, Ҳаԥсадгьыл аҿиара аҟны   аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа.

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар. Акыр зҵазкуа абри амш аҽны зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аԥеиԥш бзиа агәрагара, Ҳаԥсадгьыл аҿиара аҟны   аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа. Аконститцуциаҟны иарбоу апринципқәа напхгаганы иҟазааит аизҳазыӷьара, аиашара, Аԥсны жәлар ракзаара ахьӡала дасу ҳнапы иану аусқәа рыҟны», – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

 


Read 136 times - Аԥшьаша, 27 Абҵара 2025 11:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.