АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадара Иҷыдоу Аибашьратә Операциа иалахууи Донбасс аҭынч уааԥсыреи рзы ашықәсҿыцазтәи агуманитартә цхыраара адәықәҵара еиҿнакааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи 2025 шықәса ԥхынҷкәын 3 рзы зыԥсҭазаара иалҵыз Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змаз ацҳаражәҳәаҩ Николаи Михаил-иԥа Владимир изкыз алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Карате кекусинкаи (кумитэ) IFK азы XXIV Аԥсны аԥхьахәгара хыркәшахеит ԥхынҷкәынмза 6 рзы Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аицлабрақәа рхы аладырхәит 100-ҩык инареиҳаны карате кекусинкаи Афедерациа х-командак рҟынтәи иреиӷьу акаратистцәа:  Аҟәа ақалақь кумите акоманда, акоманда «Абраскьыл» (ақ. Очамчыра), иара убас акоманда «Лидер» (Агәыӡера аҳабла).

Аицлабрақәа мҩаԥысуан абарҭ ақәратә категориақәа рыла:  6-7, 8-9 шықәса зхыҷқәа аҷкәынцәа, 10-11 шықәса зхыҵуа аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи,  12-13 шықәса зхыҵуа еиҵбу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, иара убас 16-17 шықәса зхыҵуа арԥарцәеи аиуниорцәеи.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи Австралиеи рҟынтәи аспециалистцәа злаху Жәларбжьаратәи аконференциа “Афонҿыцтәи аҳаԥи Аԥсны акарст аҭҵаара ахыдҵақәеи” аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәас иқәгылеит ААУ, АУН «Г.Ш. Смыр  ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс», иара убас Аԥсны анаукақәа Ракадемиа  аекологиа Аинститут. Ари аусмҩаԥгатә аҳаԥы атуристтә обиект аҳасабала ахархәара аиуижьҭеи 50-шықәса аҵреи уи раԥхьа иаазыртыз, аԥсуа спелеолог Гиви Смыр диижьҭеи 80-шықәса аҵреи ирыдҳәалоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы ашықәсҿыцтәи акциа «Ашанаҵла» аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәдыргылеит «агәазыҳәарақәа рыԥсаҵла». Традициала ишышьақәгылахьоу ала, уи ахәмаргақәа рыла акәымкәа, ақьаад иалху аԥҟақәа-оригами рыла ирхиахеит, урҭ рыцыԥхьаӡа Акультуратә Гәыҳалалратә Фонд «Ашана», Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара «Кьараз» рҟынтәи ахылаԥшра зауа ахәыҷы игәазыҳәара ануп. Акциа алахәхаразы аԥҟа алхны уи иану агәазыҳәара нагӡаны, аҳамҭа иарбоу афондқәа руак аофис аҿы иааныжьтәуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу Апарламент аделегациа Урыстәылеи Белорусиеи Реидгыла Апарламенттә Еизара 69-тәи асессиа алахәхаразы Москваҟа инеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭазы агрономиатә усмҩаԥгатәқәеи ахьшәашәарақәа раан абаҳча ахылашра иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәеи ирызкыз аинформациатә  воркшоп мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақь, Ацентр «Проспект» аҿы.

Воркшоп амҩаԥгараан уи зхы алазырхәыз ҭагалани аӡыни адгьыл аус адулара, аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рықәгара, аҵиаақәа рчымазарақәа рҿагылара, аҵиаақәа рҭагылазаашьа арӷәӷәара, адгьыл ачашәара ахылаԥшра аҭара, уҳәа инарбааны адырра рыҭан. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан афитосанитартә уснагӡатәқәа, аҵиаақәа риммунитет ашьҭыхра, иара убас еффективла  арҵәыгақәа рхархәара атемақәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Керчтәи ақалақьтә Хеилак ахантәаҩы Денис Колесник диԥылеит.  

Џьансыхә Нанбеи Денис Колесники Аԥсны ақалақьқәеи Керчи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Аекологиа Аинститут Урыстәыла Ахада игрантқәа Рфонд аҟынтәи асоцаиал-культуратә проект «Хаб-Алашарабага» («Хаб Маяк») — Аҟәатәи алашарбага ахылаԥшыҩ иҭоурыхтә ҩны аиҭашьақәыргылареи аҿар рзы ауаажәларратә ҵакыра аԥҵареи иазырхоуп. Аԥсныпресс акоррреспондент диҿцәажәо иарбоу апроект хықәкқәас иамоу атәы еиҭеиҳәеит апроект анапхгаҩы, аекологиа Аинститут аусзуҩ Михаил Қриа.  

Анџьныр Ернест Гуен ила иаԥҵаз, Франциантәи иаагаз Аҟәатәи алашарбага аинститут аҵакыраҿы игылоуп. Уи азааигәара игылоу XIX ашәышықәса иаҵанакуа, аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа иалагалоу алашарбага ахылаԥшыҩ иҩны.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапынҵа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭан афымцамчтә инфраструктура амодернизациа азы аусурақәа актәи аетап хыркәшоуп.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.