АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2025

Еилкаахеит карате кекусинкаи азы XXIV Аԥсны аԥхьахәгара алҵшәақәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Карате кекусинкаи (кумитэ) IFK азы XXIV Аԥсны аԥхьахәгара хыркәшахеит ԥхынҷкәынмза 6 рзы Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аицлабрақәа рхы аладырхәит 100-ҩык инареиҳаны карате кекусинкаи Афедерациа х-командак рҟынтәи иреиӷьу акаратистцәа:  Аҟәа ақалақь кумите акоманда, акоманда «Абраскьыл» (ақ. Очамчыра), иара убас акоманда «Лидер» (Агәыӡера аҳабла).

Аицлабрақәа мҩаԥысуан абарҭ ақәратә категориақәа рыла:  6-7, 8-9 шықәса зхыҷқәа аҷкәынцәа, 10-11 шықәса зхыҵуа аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи,  12-13 шықәса зхыҵуа еиҵбу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, иара убас 16-17 шықәса зхыҵуа арԥарцәеи аиуниорцәеи.

Аԥхьахәгараҿы аиааира ргеит: Борис Бадиа, Еснаҭ Зарандиа, Тигран Хоџьикиан, Нестор Кәакәасқьыр, Рустам Ратиа, Даниаль Хәыхәа, Леуарса Барцыц, Киут Алана, Џьиганиа Самир, Баграт Аршба, Иури Карапетиан, Максим Хәыхәа, Левон Хоџьикиан, Викториа Кондакчиан, Бадри Мурадиан, Инал Ԥарулуа, Далмат Чагәаа, Аинар Шьониа, Кира Заболотнаиа, Малика Зыхәба, Самед Бабаев, Анастасиа Романова, Сандро Бигәаа, Лакоба Данил, Баграт Кәтарба, Денис Воуба, Арина Ҳашба, Арианна Мартиросиан, Давид Мурадиан, Алеқсандра Павлова, Руслан Кондакчиан, Руслан Карапетиан, Давид Аџьыинџьал.

Аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит: Данат Гогохиа, Баграт Ажьиба, Дамир Ԥиԥиа, Дамир Перцхьелиа, Леон Џьынџьал, Данаҭ Ҷокәуа, Инал Кәычбериа, Аидар Шьоуа, Мира Ратиа, Анри Убириа, Нарҭ Кәакәасқьыр, Давид Маробиан, Сандро ЏЬӷгамазиа, Алан Шанаа, Еснаҭ Гәынба, Глеб Ноикин, Аинар Бигәаа, Алан Ануа, Леон Крыгин, Софиа Желнина, Марианна Миносиан, Сандро Гагәуа, Гәымба Еснаҭ, Мисаил Қриа, Илиа Ԥачлиа, Леонид Грозолиа, Арина Роор, Даниела Карапетиан, Кабасакалиан Камилла, Самира Адлеиба, Ельдар Маслов, Даниил Ҵулукиа, Руслан Карапетиан.

Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Демид Навалихин, Владислав Аршба, Данаҭ Леԥсаиа, Ратмир Басариа, Мирон Дорошкевич, Алмас Кәарҷиа, Алеқсандра Степанова, Селим Сквериа, Давид Ҷкадуа, Анас Кәыҵниа, Алеқсеи Домбаев, Даниил Перцхьелиа, Данаҭ Ашәба, Нестор Тарба, Владислав Иванов.

Актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит Агәыӡератәи акаратистцәа, аҩбатәи – очамчыратәи, ахԥатәи – аҟәаа. Иреӷьу атехника азы иҷыдоу аҳамҭа ианашьахеит Борис Бадиа (ақ. Очамчыра).

«Иреиӷьу икьаҿу аиндаҭлара» 5 секундк рыла ихыркәшахеит. Аҳамҭа ианашьахеит Еснаҭ Зарандиа (Агәыӡера аҳабла).

Аицлабрақәа рыӡбаҩ хада –   Ареспублика Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа  апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥсны  Федерации каратэ кекусинкай, сенсеи 3-тәи адан Витали Ҷыҭанаа.

Аԥхьахәгара аиҿкаара шьҭа традициала ишышьақәгылахбоу еиԥш, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациеи.


Read 204 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.