ААУ актәи апроректор Роман Дбар, аусмҩаԥгатә аартуа Гиви Смыр ари ауниверситет доушьҭымҭан ҳәа еизаз иргәалаиршәеит, уи иара убас аконференциа атәыла аԥсабаратә обиектқәа рыҭҵаареи аҵарауаҩ инаукатә ҭынха апопулиаризациеи ишацхраауа азы агәыӷра ааирԥшит.
Акомплекс адиректор Мирон Чалмаз аконференциа алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, анаҩс уи ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҳаԥы — акыр зҵазкуа атуристтә обиекти иуникалу аԥсабаратә баҟеи аиқәырхареи ахьчареи арҿиареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рыӡбара алнаршоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Излацәажәоз атемақәа иреиуоуп Афонҿыцтәи аҳаԥы аспелеогенез агипогентә модель, аспелиологиатә темақәа рыла апалеоклимат ареконструкциа, аҳаԥытә фауна абиохкырацәара, аекологиатә шәарҭарақәеи адгьылаҵантәи аҵакыра аиқәырхаразы ауснагӡатәқәеи, иара убас аспелеотуризм аҿиара аперспективақәеи Гиви Смыр иҭынха аиқәырхареи. Аспикерцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан – Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Ианварби Екба, апрофессор Иури Дублиански, аҳәынҭқарратә аԥсабаратә ҳәырԥсарра «Шульган-Таш» аусзуҩ Ольга Червиацова, урыстәылатәи аҭҵаарадырратә институтқәа рыспециалистцәа, уҳәа егьырҭ аҭҵааҩцәа аӡәырҩы. Афорум аихшьаалақәа рыла анаукатә статиақәа реизга ҭыжьхоит. Роман Дбар раԥхьатәи аартҩы иҷкәын – Улисс Смыри иареи еиқәдыршәаз ажәахә «Гиви Смыр: иԥсҭазаара, ирҿиаратә мҩа, иаартрақәа» ҟаиҵеит. Ажәахә аҿы Роман Дбар инарҭбааны дазааҭгылеит Гиви Смыр ибиографиа ихадоу аетапқәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибшьара иалахәхара, ААУ аҿы иҵара ашықәсқәа, исахьаркыратә усура, уҳәа.
Академик Ианварби Екба Афонҿыцтәи аҳаԥы аҩныҵҟа иҟоу аҳауа аԥхарра адинамика аклиматтә еиҭакрақәа риндекатор аҳасабала аҭҵаара далацәажәеит. Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳаԥы аҿы бжьаратәла иҟоу аҳауа аԥхарра 14°С рҟынӡа инаӡоит, аӡы аԥхарра – 10–11°C, ацәаакыра акәзар, уи зынӡа 100% рҟынӡа инаӡоит. Аҵарауаҩ ишазгәеиҭаз ала, аҳауатә рбагақәа реиҭакра аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара иадҳәалаӡам, уи аиҳарак агеологиатә, аклиматтә, агидрологиатә факторқәа роуп изыдҳәалоу.
В. И. Вернадски ихьӡ зху Ҟрымтәи афедералтә Университет арҵаҩы еиҳабы Геннади Самохин Аԥсны аспелеологиатә раионла аихшара атәы далацәажәеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит идуу акарсттә ашьхаҟьаҟьарақәа рыҟазаара. Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы урҭ рыҩныҵҟа амшын ахыхь 250–500 метра аҳаракыраҿы 35 инарзынаԥшуа иҿыцу аҳаԥқәа рыԥшаахьеит. Аҵарауаҩ ишазгәеиҭаз ала, урҭ рӷьырак идуу атуристтә потенциал рымоуп, аха амаршрутқәа рырҿиараан аӡытә ресурсқәа реиқәырхара азҵаарақәа хымԥада ҳасаб рзутәуп.
Абиологиатә наукақәа рдоктор Нафиса Мингазова атипологиа, абиохкырацәареи аҳаԥытә ӡытә обиектқәа рҭагылазаашьеи иазкны ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Лара атуристтә қәыӷәӷәара аҭышәынтәалара хымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит, избан акәзар, уи лажәақәа рыла, еиҿкаам аҭаарақәа адгьылаҵантәи аекосистемақәа ӷәӷәала ирԥырхагахар алшоит.
Ателецҳа аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас иқәгылеит Урыстәылеи Аԥсни рыҭҵааҩцәа. Урҭ аминерологиа, аспелеологиа аҭоурых, агидрогеологиеи аҳаԥытә ӡытә системақәа рбиологиеи ирызкын.
Аконференциа аус аулоит ԥхынҷкәынмза 9 аҟынӡа. Акарсти аспелеотуризми иазку, жәларбжьаратәи астатус змоу анаукатә усмҩаԥгатә Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит.






