Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроекттә офис агрономцәа хра злоу абжьгарақәа ҟарҵеит.
«Аӡынреи ҭагалани абаҳча ахылаԥшра иҟалараны иҟоу аҽаҩра ашьаҭа аԥнаҵоит. Ишьақәырӷәӷәоу апрактикақәа рхархәара аҵиаақәа рыхьчареи адгьыл аҿы аусура алҵшәа аиӷьтәреи иацхараауеит. Аиҳарак аҵак ду амоуп ииашаны адгьыл архиара, ианаамҭоу аҵиаақәа аус рыдулареи арҵәыгақәа ииашаны ахархәареи», - ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроекттә офис агрономцәа Рафаел Аксионови Алмас Герзмааи. Урҭ иазгәарҭеит, абаҳча ахылаԥшра аус азнеишьаҿы маҷ иадамзаргьы аиҭакрақәа аҵиаақәа рҽаҩрара иааубаратәы анырра анаҭар алшоит.
Воркшоп аинтерактивтә формат аҿы имҩаԥысит: алахәылацәа доусы конкретла аграномцәа азҵаарақәа рыҭара, доусы рыпроблемақәа ирылацәажәар ауан, аҵиаақәа рыхьчареи адгьыл арҵәыра аҭареи, иара убас ахьшәашәара аамҭа азы абаҳча ахьчаразы изаамҭанытәиу ауснагӡатәқәас иҟаҵатәу рзы хра злоу абжьгарақәа раиуреи рзы алшара рыман.
Аусмҩагатә ахыркәшамҭаз алахәылацәа зегьы доусы рбаҳчақәа рҿы рхы иадырхәарц азы афосфортә рҵәыгақәа ҳамҭас ироуит.
Аворкшоп нагӡахеит апроект «Аԥсны аҳәса-афермерцәа рекономикатә ҭышәынтәалара адгылара аҭара» ҳәа хыс измоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агентра (SDC) иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны.






