АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2025

Арҵаратә амшьамбақьала – агастрофестиваль «Ҭагалан агьама-афеихоа» аплошьадкақәа иреиуоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апроект «Зысасгәашә аарту Аԥсны» арккаратә трек аус ауеит Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуа агастрофестиваль «Ҭагалан агьама – афеихоа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Ҳара агастрофестиваль аҭааҩцәа ирыдаагалоит арҵаратә мшьамбақьала. Араҟа имҩаԥгахоит алекциақәа, аҟазара-аклассқәа, аекспертцәеи апроект «Зысасгәашә аарту Аԥсны» алахәылацәеи реиԥылара», – ҳәа илҳәеит Анапхгараҭара Аҟазарҭа «Сенеж» аҿиара ахырхарҭа апрограммақәа рархитектор хада Евгениа Подарина.

«Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны  Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи Шәачатәи амилаҭтә парки рҵарауаа абнаԥсабара аендемикқәа реиқәырхареи урҭ Нхыҵ Кавказ агастрономиа аҿы рхахрхәара алыршареи иадҳәалоу хадара злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Ҳара асасдкылара заку уи асасцәеи атуристцәеи рҿаԥхьа уԥсадгьыл аӡыргара, иара убас Аԥсны адунеи зегьы азы аинтерес аҵаны иҟалартә еиԥш иҟаҵатәу ҳалацәажәараны ҳаҟоуп», – ҳәа иазгәалҭеит Евгениа Подарина. 

 

 


Read 103 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.