Авизит апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны - Сергеи Кириенко диԥылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, урыстәылатәи афинанстә цхыраарала ареспублика аҿы зреконструкциа мҩаԥысуа аобиектқәа дырҭаауеит.
30.Абҵара.2025
Сергеи Кириенко усуратә визитла Аԥсныҟа дааит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко усуратә визитла Аԥсныҟа дааит.






