АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит иахьа, ԥхынҷкәынмза 1 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аганқәа иазгәарҭеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала ецынагӡоу апроектқәа.

«Иацы ҳара алшара ҳаман аусмҩаԥгатәқәа жәпакы рҭаара. Сара ҷыдала иазгасҭарц сҭахын Мықә ақыҭан ҳазҭааз аусмҩаԥгатәқәа. Ихаданы исыԥхьаӡоит мрагыларатәи Аԥсны атуристтә потенциал арҿиара азҵаара. Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа, ҳәарада, ҳтуристтә индустриа мрагыларатәии мраҭашәаратәи ҳәа аихшарада иааизакны арҿиаразы хра злоу аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.  

«Шәареи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭхеит, аусеицура ахықәкқәа ишыруаку излауа ала Аԥсны аекономика аҩаӡара ашьҭыхра. Уи имариам хыдҵоуп, аха аҵыхәтәантәи ашықәсыбжа ала иубаратәы иҟан абиуџьет ахашәалахәқәа 30% рҟынӡа ишазҳаз.

Хазы иҭабуп ҳәа сҳәарц сҭахуп, Бадра Зураб-иԥа, Аԥсны жәлар зегьы аибашьратә хҭысқәа ахьцо ҳҵакырақәа рҟынтәи ахәыҷқәа гәаартыла иахьшәыдышәкылаз азы», - ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.

Аганқәа анаҩсгьы аҩганктәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуреи рырӷәӷәара, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иацхраауа апроект ҿыцқәа реицынагӡара ишазҿлымҳау рҳәеит.


Read 195 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.