АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2025

Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы даанкылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 19 рзы даанкылан Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы.

1980 шықәса рзы ииз Мхаз Агрба азеиԥш шәарҭарала ҩыџьа, ма инареиҳаны ргәабзиара ашәарҭара аҭо ауаҩшьра иҽазишәеит ҳәа гәҩарас дрымоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Уаанӡа Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахысразы иаанкылан Асҭамыр Шьынқәбеи Шараҭ Џьыкырбеи.

Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь Гәыматәи амҩаҿы иҟалаз ахысраан хәҩык ахәрақәа роуит, ԥыҭрак ашьҭахь урҭ руаӡәк Руслан Адлеиба ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Ашьаусеилыргара хацыркуп Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 29 ахәҭа 3 апункт «е», ахәҭаҷ  99 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 105 ахәҭа 3 апункт «б» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа рҟазшьақәа рыла – азеиԥш шәарҭара зҵоу ҩыџьа, ма инариеҳаны ргәабзиара ашәарҭара аҭо ауаҩшьра афакт ала.

 


Read 32 times - Аԥшьаша, 27 Абҵара 2025 22:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.