АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2025

Владимир Делба адгьылтә ҵакырахәҭақәа рыҭаразы аӡбамҭақәа рынагӡара ахылаԥшра аҭаразы акомиссиа аҳасабырба дазыӡырҩит.

Аҟәа.  Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхадацәа адгьылтә ҵакырахәҭақәа рыҭаразы рыдҵақәа рақәыршаҳаҭразы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭақәа рынагӡара ахылаԥшра аҭаразы иаԥҵаз анапхгарабжьаратә комиссиа аҳасабырба дазыӡырҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Акомиссииа анапхгаҩы, Ареспублика Аԥсны адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Адамыр Аҳәба аԥыза-министр инагӡаз аусуразы адырра ииҭеит.

Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ажьырныҳәамза 1, 2020 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза  31, 2023 шықәсанӡа адгьылтә ҵакырахәҭақәа рыҭара аҭагылазаашьақәа рынагӡара азы агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагеит.   

Имҩаԥгаз аусуразы инарҭбаау аҳасабырба, адгьылхархәаҩцәа рыбжьара аихшарала ирыҭаз адгьылтә ҵакырахәҭақәа зегьы изаамҭанытәиу ахархәаразы адыррақәагьы уахь иналаҵаны, Аҳәынҭқарра Ахада иахь инашьҭуп.


Read 38 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.