АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 19:42

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба Николаи Симониан аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа ихы алаирхәит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба алегендартә шьапылампыласҩы, азыҟаҵаҩ, аолимпиатә чемпион Николаи Павел-иԥа Симониаи аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит. Аби азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара асаит.  

Ацеремониа мҩаԥысит Москва, ашьапылампылтә клуб «Спартак» арена, астадион   «Лукойл Арена» аҿы.

Ҭарашь Ҳагба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Никита Павел-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи рыхьӡала иааишьҭыз адышшыларатә шәҟәы даԥхьеит.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Никита Симониан ихәыҷреи ашьапылампыл аҿы раԥхьатәи  ишьаҿақәеи Аҟәа ақалақь аҿы ишымҩаԥысыз, уи иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл маҷ гәыкала дшазыҟаз.

«Даара агәхьаа снаҭеит Аԥсны зегьы ҷыдала ҳаззыҟаз иналукааша ашьапылампыл асҩы, азыҟаҵаҩ иаҳасабала адагьы, зхәыҷра зегьы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысыз, злахьынҵа ҳтәыла иамадоу ауаҩы ицәыӡра.

Аҟәоуп иара ашьапылампыл асрахь раԥхьатәи ишьаҿақәа ахьеихигаз, «Динамо» Аҟәа акомандаҟны иреиӷьыз ахәмарҩцәа дыруаӡәкын. Уинахыстәи иԥсҭазаара ахьымҩаԥысзаалак, аспорт аҿы аихьӡарақәас имазаалк, Никита Павел-иԥа Симониан Аԥсны ихашҭуамызт.

Аԥсны жәлар зегьы рзы уи гәадураны, ирзааигәоу уаҩны дыҟан, ус дагьаанхоит. Никита Павел-иԥа — аспорт аҭоурыхи ауаа ргәалашәареи рҿы зышьҭамҭа нзыжьыз игәалашәара лаша ҳацзаауеит», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иааишьҭыз адышшыларатә цҳамҭа аҿы.

Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә ахь хыԥхьаӡара рацәала иааит алегендартә спортсмен, ашьапылампыласҩы иҭаацәа, иуацәа, иҩызцәа, иколлегацәа, иааӡамҭацәа. Никита Симониан аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон анапеинҟьаралеи асаксофонист инаигӡаз Френк Синатра икомпозициа «My Way» ала, убас иҟан ашьапылампыл ихаҭа аҵыхәтәантәи игәазыҳәара.  

Алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистр  Михаил Дегтиариов, Урыстәылатәи ашьапылампылтә еидгыла ахада Алеқсандр Диуков, Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Валери Карпин, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Дмитри Кетиа, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, ашьапылампыл алегендақәа Ахрик Цәеибеи Руслан Аџьынџьали. Алахьеиқәҵаратә церемониа ашҟа ашәҭшьыҵәрақәеи ашәҭрқьақьақәеи нарышьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини Жәларбжьаратәи ашьапылампыл афедерациа (ФИФА) ахада Џьанни Инфантинои.   


Read 65 times - Ахәаша, 28 Абҵара 2025 14:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.