АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2025

Амилицииа аусзуҩцәа Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлаз быжьҩык ааныркылеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амилицииа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥгараан Цандрыԥшь аҳаблаҿы иҟаз алхырҭатә ҭыԥ иақәлаз быжьҩык ааныркылеит, ҳәа атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь азхьарԥш ҟаҵо иаанацҳауеит «Апсны.Иахьа». 

Аинцидент ҟалеит хәажәкырамза 1 азы.  Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлеит атәыла Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аан. Ацәгьоуцәа ахысра аадыртит, абжьыҭаратә кәылаԥ абиуллетенқәа шҭаз иаадырҳәит. Дара абналара рҽаназыршәа Аҳәынҭавтоинспекциа аусзҩцәа Мысратәи аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аҟны раанкыларазы иҟарҵаз адҵақәа ирықәымныҟәакәан ахысра иалагеит. Аиҿахысрақәа рышьҭахь амашьынақәа руак аныҟәцаҩ аԥсҟы изаанымкылаӡакәан ажра дҭаҳаит.

Хәажәкыра 5-6 руха иаанкылан Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ иақәлаз быжьҩык: Ԥачалиа Адамыр Милитон-иԥа, 1979 ш. рзы ииз; Ԥачалиа Баҭал Беслан-иԥа, 1976 ш. рзы ииз; Ԥачлиа Ҭемыр Адгәыр-иԥа, 1992 ш.рзы ииз; Миканба Алхас Франц-иԥа, 1979 ш.рзы ииз; Ҳагба Анри Едуард-иԥа, 1981 ш.рзы ииз; Ԥачалиа Ахра Херсон-иԥа, 1975 ш. рзы ииз; Арӡынба Саид Владимир-иԥа 1990 ш. рзы ииз.

Дара ирымхын хыԥхьаӡара рацәала абџьар – автоматқәа, атапанчақәа, агранатақәа.

Уаанӡа, ари аус ала азинхьчаратә усбарҭақәа хҩык ааныркылахьан: Гәазаа Рафаель Виачеслав-иԥа, 1975 ш. рзы ииз, Орчыҟәба Игор Анӡор-иԥа, 1972 ш. рзы ииз, Смыр Нурик.

 

 


Read 566 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.