pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы иаатит агастрофестиваль «Ҭагалан агьама: Афеихоа». Аусмҩаԥгатә иагәыцәны иҟалеит аплошьадка «Аҟәа ашҭа», араҟа Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рҟынтәи иреиӷьу ақьафурҭақәа амилаҭтә фатәқәа рыхкырацәара аадырԥшуеит.   Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп итрадициатәу ачыс хкқәа рыҟаҵаразы аҟазара аклассқәа, аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа рџьармыкьа, аԥсуа ртистцәа рықәгыларақәа.

Ҷыдала уи азы иаԥҵоу астендқәа рҿы асасцәа ирбар рылшоит аԥснытәи ақыҭанхамҩа аихьӡарақәа: еиуеиԥшым ацха ахкқәа, амандарина, афеихоа, ахәырма, араса, уҳәа. ААУ астудентцәа атехнологцәа доусы аус здыруалаз раалыҵ: ачаи, аҩы, аиҵаҵақәа рыдгалара мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкын абҵарамза 28  рзы имҩаԥысыз атәыла аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла  анапхгаҩцәа реиԥылара. Араҟа иара убас иалацәажәеит Аидгыла иалоу аиҿкаарақәа русеицура аформатқәеи егьырҭ азҵаарақәеи.

Аилацәажәара ашьҭахь аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла аоппозициа атәыла анапхгара аусмура, ажәлар аинтересқәа рыхьчара мап ацәнакуеит ҳәа ахара адҵара ишақәшаҳаҭым азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.  Атәыла аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла аоппозициатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» (ФНЕА)   абҵарамза 27 рзы имҩаԥысыз Аизара Ду аҿы ирыдыркылаз  арезолиуциа иарбоу азԥхьанҵақәа ирықәшаҳаҭӡам. Абри азы мзызс иҟалеит аполитикатә партиа Аԥсны Жәлар ракзаара афорум (ФНЕА) аҵыхәтәантәи аӡбара, уи аҵакы, Аидгыла алахәылацәа ргәаанагарала, ауаажәларра рымҩахҟьареи атәылаҿы аҭагылазаашьа аилагареи ирызкуп.

«Аԥсны жәлар ракзаара Афорум арезолиуциа Аԥсны жәлар реиҳараҩык ргәаанагара хьаас имкыкәа ауаажәларра рырҩашьареи атәылаҿы аҭагылазаашьа аибарххареи рзы ҩаԥхьа иҟанаҵо ҽазышәароуп ҳәа ҳахәаԥшуеит. Аҳәынҭқарра Ахада ажәлар ринтерессқәа рыхьчара мап ацәикуеит ҳәа ахара идҵарала, аоппозициа ахаҭарнакцәа идырны реалла иҟоу аҭагылазаашьа еицаркуеит.  Ишәгәалаҳаршәоит, Бадра Гәынба ииашаны имҩаԥысыз, аконкурентра зныԥшуаз алхрақәа рҿы жәанызықьҩыла атәылауаа рыбжьыҭарала далхын», – ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/ Абҵарамза 28, ахәаша имҩаԥысыз атәыла анапхгара аилатәара аҿы зеиҳарак иааиуа ашықәсқәа рзы ареспублика аҿиара астратегиа ҳәаақәызҵо азҵаарақәа жәпакы ирыхәаԥшит.   

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба 2026 шықәсазы рбиуџьетқәа шьақәдырӷәӷәеит.

Аҟәа.  Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьараҿы «Ареспублика Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд абиуџьет азы» азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.

Афонд абиуџьет аныхтә хәҭа 33 млн. мааҭ рыла  иацҵахоит. Уи 265 млн. 475,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.  

Аиҭакрақәа ралагалара хазы игоу аныхтә хырхарҭақәа рпараметрқәа ркарректировка ахымԥадатәра иадҳәалахеит.

Иара убас азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит 2025 шықәсазы ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәса рзы Афонд аҿы иҟало аԥаратә хархәагақәа рцәынха Афонд абиуџьет адефицит афинансыркра ахыҵхырҭаны алкаара.  

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент «Ареспублика Аԥсны арепатриациа Афонд 2025 шықәсазы абиуџьет азы» азакәан ахарџьқәа реиҭеизшара азԥхьагәазҭо аиҭакрақәа аланагалеит.

Аиҭеизшара иалҵшәаны:

  • аиҟәшеиҵа «Егьырҭ азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ала ахарџьқәа Аԥсны атәылауаа иԥсабаратәымкәа ахәыҷы ацәа иаларшәара (ЭКО) апроцедура хәыда-ԥсада амҩаԥгараҿы ацхыраара рыҭаразы аҳәынҭқарратә харџьқәа рфинанстә еиқәыршәаразы 30 млн.мааҭ рҟынтәи  50 млн. мааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп;
  • аиҟәшеиҵа «Аргылара» ала ахарџьқәа 120 млн. мааҭ рҟынтәи 105 млн. мааҭ рҟынӡа иларҟәуп;
  • аиҟәшеиҵа «Асоциалтә политика иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәа» ала ахарџьқәа 15 млн. мааҭ рҟынтәи 10 млн. мааҭ рҟынӡа иларҟәуп.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа анхарҭатә ҩнқәеи анхарҭатә хыбрақәеи инхарҭатәым астатус ахь риагара уақәиҭызымтәуа аԥҟара шьақәдыргылеит. Уи азы асессиа аилатәара аҩбатәи аԥхьараҿы анхарҭатә еизыҟазаашьақәа ирызку Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа алагалахеит.  

Азакәан апроект адгалара мҩаԥигеит Апарламент адепутат Дмитри Маршьан.

Азакәан апроект анхарҭатә ҩнқәеи анхарҭатә хыбрақәеи инхарҭатәым астатус ахь риагара ақәиҭымзаара азԥхьагәанаҭоит.

«Иарбоу азакәан апроект анхарҭатә ҩнқәеи анхарҭатә хыбрақәеи инхарҭатәым астатус ахь риагаразы Ареспублика Аԥсны Анхарҭатә Закәанеидкылаҿы ишьақәырӷәӷәоу азинқәа цәгьашақә ахархәара алмыршара хықәкыс иҟаҵаны еиқәыршәоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Ареспублика Аԥсны асоциалтә маҵзурақәа рыла аиқәыршәаҩцәа аҳәынҭқарратә аккредитациа рыҭара Аԥҟара азы» ақәҵара рыдыркылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «2026 шықәсазы ареслубликатә биуџьет азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Аҟәа. Абҵарамза  27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Абҵарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз ареспубликатә партиа Аԥсны жәлар ракзаара Афорум Аизара Ду аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика еиҳа иҵару азҵаарақәа рылацәажәаразы плошьадканы иҟалеит.

Иажәахә аҿы апартиа ахантәаҩы Аслан Барцыц ауаажәларра рыҩныҵҟа агәҭынчымра цәырызго ихадоу х-хырхарҭак дырзааҭгылеит: аполитикатә турбулентра аизҳара, адәныҟаполитикатә амшхәаԥштә ауадаҩхареи атәыла анапхгара аганахьала комплексла азхьаԥшра аҟамзаареи.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.