pressadmin-2
Владимир Делба адгьылтә ҵакырахәҭақәа рыҭаразы аӡбамҭақәа рынагӡара ахылаԥшра аҭаразы акомиссиа аҳасабырба дазыӡырҩит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхадацәа адгьылтә ҵакырахәҭақәа рыҭаразы рыдҵақәа рақәыршаҳаҭразы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭақәа рынагӡара ахылаԥшра аҭаразы иаԥҵаз анапхгарабжьаратә комиссиа аҳасабырба дазыӡырҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы даанкылоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 19 рзы даанкылан Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы.
1980 шықәса рзы ииз Мхаз Агрба азеиԥш шәарҭарала ҩыџьа, ма инареиҳаны ргәабзиара ашәарҭара аҭо ауаҩшьра иҽазишәеит ҳәа гәҩарас дрымоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
Уаанӡа Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахысразы иаанкылан Асҭамыр Шьынқәбеи Шараҭ Џьыкырбеи.
Робеот Кьиут Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа идикылеит.
Апрокурор Хада Адгәыр Агрба абҵарамза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аинцидент агәаҭара амҩаԥысшьа азы аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада Адгәыр Агрба Аҟәа ақалақь апрокурор Алхас Агәмаа х-ҩык Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа иаларҵаз арзаҳали иара убас Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иҟаиҵаз аҳәамҭеи рзы агәаҭара амҩаԥысшьа азы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. Арзаҳалқәа зегьы рыхәаԥшра аусмҩаԥгаратә гәаҭарак аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
Аԥсны аҵакыраҟны хҩык Урыстәыла атәылауаа рықәымчра ахҭыс ала ашьаус хацыркуп.
Аҟәа. Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Краснодартәи атәыдаҿацә ала Аусбарҭа Хада Шәача ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аусеилыргаратә усбарҭа гәыԥҩык ауаа заанаҵы еицәажәаны, абџьар ҳасабла ахархәара змаз амаҭәарқәа рыла ацәгьоура руит ҳәа ахҭыс аганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Зганахьала ақәымчра ҟаҵаз ауаа ироуз азарал азеиԥш еицҵалыҵ — 1млн. 975 нызықь мааҭи ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи АҩАР аҟәша.
«Аӡышьҭра» Аишьцәа Занҭариаа рымҩала иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп.
Аҟәа. Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Аӡышьҭра» аспециалистцәа Аишьцәа Занҭариаа рымҩала иҟоу амҟьаҭ ахыбгалара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп.
Аҳҭнықалақь Ахадара Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡышьҭра» анџьныр Мираб Анқәаб иҳаҩсыз амш азы аусуцәа атехника аҭыԥ ахь изланеиуа амҩақәа рырҽеира иаҿын.
Аԥсны атуризм Аминистрра атуроператорцәа IV рконгресс ареспублика аҿы амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз III атуроператорцәа Жәларбжьаратәи рконгресс ихы алаирхәит. Афорум апленартә еилатәара «Урыстәыла атуристтә џьармыкьа ауадаҩрақәеи аперспективақәеи. Аеффективреи аҿиара афакторқәеи» («Вызовы и перспективы туристского рынка в России. Эффективность и факторы его развития») атема ала имҩаԥысит.
Агәы иаҳауа амузыка абжьы: Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аиубилеитә хәылԥазы шымҩаԥысыз атәы.
Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа 95-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысыз аконцерт даара акыр зҵазкуа акы шалаго еиԥш иалагеит: ишьшьыҳәа, имыццакӡо, ихадоу џьара акы аззыԥшра аныԥшуа. Ауаа азал иҩналон ашьшьыҳәа, араҟа ишьақәгылаз иҷыдоу атмосфера еиԥдырҟьар ҳәа ишәозшәа. Иҭацәу аҭыԥқәа еиҳа-еиҳа имаҷхон, амузыкатә инструментқәа иԥшны игылан адирижиор илаба анапымҩанҵарала «шьҭа иаамҭоуп» ҳәа адырра анрынаҭо ҳәа.
Актәи анота абжьы гаанӡа асцена иаақәлеит аҭоурых. Аекран ду аҿы иаацәырҵит ари аҵараиурҭа раԥхьатәи арҵаҩцәа рфотосахьақәа, аӡәырҩы амузыкантцәа рыррҿиаратә ԥсҭазаараҿы илахьынҵаӡбаганы иҟалаз ари аҵараиурҭа еицырдыруа амардуан.
Атуризм аминистри ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоуи атуризм ашәарҭадареи ахәыҷқәа адгылара рыҭареи азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи реиԥылара. Аиҿцәажәарақәа раан аганқәа ихадоу ҩ-хырхарҭак ирылацәажәеит: атуристтә обиектқәа ршәарҭадара ашьақәыргалареи аибашьратә хҭысқәа ахьымҩаԥысуа арегионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа адгылара рыҭареи, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахәыҷтәы аомбудсмен Иаппарат.
Атуристтә инфраструктура ашәарҭадара
Амшхәаԥштә зҵаара хаданы иҟалеит атуристтә обиектқәа ршәарҭадара. Аӡбамҭа рыдыркылеит ареспублика раионцыԥхьаӡа ашәарҭадаразы анапхгарабжьаратәи акомиссиақәа раԥҵаразы. Урҭ атуристтә инфраструктура ашәарҭадара анормақәа иыхьынӡарықәшәо азы агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит. Ари зегьы аиҳарак ахәыҷқәа зманы ԥсшьараҳәа иаауа рыԥсшьараамҭа иманшәаланы ашәарҭара аҵамкәа имҩаԥысырц аҟаҵара иазырхоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш азы Ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар ихадаӡоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа иреиуоу – Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит.








