
pressadmin-2
Аԥсны жәлар рпоетесса Нелли Ҭарԥҳа иахьа лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуан 90 шықәса.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы — раԥхьатәи аԥсуа поетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны ахәыҷтәы Фонд аԥҵаҩы Нелли Золотинска-иԥҳа Ҭарба (20.11.1934 – 29.01.2014) диижьҭеи 90 шықәса ҵит.
Нелли Золотинска-иԥҳа диит абҵарамза 20, 1934 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан.
Дәрыԥшьтәи ақыҭашкол хьтәы медалла даналга ашьҭахь 1954 шықәсазы дҭалеит М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт афилологиатә факультет. Аҵараиурҭа даналга ашьҭахь лара акыр шықәса аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа «Алашара» аҿы аредакторс, анаҩс адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус луан. Лара аредакторра, ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа аҭыжьразы аиқәыршәара, Аԥснытәи ашколқәа рырҵагатә литература аиқәыршәара акыр аџьабаа адылбалахьан. Акьыԥхь аҿы лажәеинраалақәа раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1952 шықәсазы. Раԥхьатәи лажәеинраалақәа реизга «Бзиа избоит амҩа» («Я люблю пути-дороги») 1955 шықәсазы иҭыҵит. Аамҭак ашьҭахь уи иашьҭанеиуеит ашәҟәқәа «Ааԥынра агәы», «Ақәыԥшреи агәҭыхеи», «Аԥа», «Бзыԥтәи аповест» уҳәа убас ирацәаны.
Алеко Гәарамиа Виктор Садовничи Москватәи аҳәынҭқарратә Университет аректор имаҵураҭыԥ аҿы инапынҵақәа рыцҵара идиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа урыстәылатәи иколлега – академик Виктор Анатоли-иԥа Садовничи М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Виктор Антон-иԥа Садовничи имаҵураҭыԥ аҿы инапынҵақәа рыцҵара инамаданы ҭелла дидныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ а-Телеграмм канал.
«Шәара адунеизегьтәи анаука, иреиҳаӡоу аҵарадырра иреиӷьу атрадициақәа реиҭашьақәыргылареи реиҭарҿиареи, урыстәылатәи аматематикатә школ аиқәырхареи аҿиареи рус аҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университетгьы. Жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы Аԥсны азхаҵара аиуижьҭеи 11 шықәса роуп иҵуа. Аха ҳара иаҳҳәар ҳалшоит кыр уи аԥхьагьы Москватәи ауниверситет аректор ибзоурала Аԥсуа университет аӡбахә адунеи аҟны ираҳаит, егьырҭ ираҟароу азинқәа аиуит ҳәа.
Агеографиатә диктант – 2024 Аԥсны имҩаԥысит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакреи Аԥсны агеографиатә еилазаареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети еицеиҿыркааит Аурыст географиатә Еилазаара X Жәларбжьаратәи арккаратә акциа – Агеографиатә диктант – 2024.
Агеографиатә диктант мҩаԥысуеит есышықәса 2015 шықәса инаркны. Жәы-шықәса рыҩныҵҟа ари акциа рхы аладырхәит 3,6 миллионҩык инареиҳаны.
Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Ареспублика атәылауаа рахь ихы рханы Бадра Гәынба иҳәеит:
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапынҵақәа рышьҭаҵара азы иаднакылаз аӡбамҭа инамаданы, Ареспублика Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны, сара Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара салагеит.
Аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа зегьы рахь Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарра аԥсҭазаара аиқәырхареи уи ашьақәгылара ахьчареи рзы рмаҵуратә ԥхықәра нарыгӡаларц азы адҵа ҟаҵоуп».
Афильм «Ҳабацәа рабацәа рыдгьыл аҟынӡа ихароу амҩа» («Долгая дорога к земле предков») аӡыргара Ставрополи Черкесски ақалақьқәа рҿы имҩаԥгахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ставрополи Черкесски ақалақьқәа рҿы Ареспублика Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи Реидгыларақәа рлахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Екатерина Бебиа иаԥылҵаз аҭоурых-документалтә фильм «Ҳабацәа рабацәа рыдгьыл аҟынӡа ихароу амҩа» («Долгая дорога к земле предков») аӡыргара мҩаԥгахоит.
Афильм Нхыҵ Кавказ еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара — Ставропольтәи атәылаҿацә абаза жәлар рмилаҭ-культуратә автономиа «Абаза» анапхгаҩы, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс алахәыла Армида Хизир-иԥҳа Псҳәы-Чагова илыхҳәаауп.
Афильм асиужеттә цәаҳәа хаданы иҟоуп — Армида Псҳәы-Чагова Аԥснытәи ашьхақәа рҿы иҭаҵәаху џьанаҭ дгьыл ҳәа изышьҭоу, Аҟәа араион, ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭан иҟоу лара дызхылҵыз рыԥсадгьыл аҭааразы лгәазыҳәара аҟалара аҭоурых. Лара лхы лдыруа дҟалеижьҭеи ари зынаӡара уадаҩу аҭыԥ аҭаара гәазыҳәараны илыман. Афильм афырхаҵа илыцны ахәаԥшыҩ ари иуадаҩу амҩа данысуеит, иблалагьы ибоит Ԥсҳәы ақыҭа уажәтәи ауааԥсыра рыбзазашьеи рҵасқәеи ртәы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыҿцәажәарала ахәаԥшыҩ ақыҭа аҭоурых, амҳаџьырра, аибашьрақәа, ахҵәара, уҳәа егьырҭ аԥышәарақәа жәпакы зхызгаз ауаа ирлахьынҵахаз ртәы еиликаауеит. Автор иааирԥшуеит урҭ рмилаҭтә культура, рытрадициақәа, зегьы ирыцку рыԥсадгьыл ахь абзиабара мырӡкәа иахьа уажәраанӡа ишааргаз атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара шаанижьуа ала арзаҳал алеиҵеит.
Аҟәа. Абҵарамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аоппозициеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи аа-сааҭк ицоз реиҿцәажәарақәа рыла аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Убас, аусшәҟәы инақәыршәаны:
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара шаанижьуа ала арзаҳал алеиҵоит;
Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҩныҵҟеи уи акәша-мыкәшеи еизаз атәылауаа зегьы еимпуеит абҵарамза 19, 2024 шықәса иахымгакәа. Иарбоу апунк анамыгӡараан Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәаразы ирзаҳал шьҭахьҟа ирхынҳәуеит;
Жәлар Реизара-Апарламент абҵарамза 19, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәара ицаразы арзаҳал иахәаԥшуеит;
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара идҵахоит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба;
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба иалаҵаз арзаҳал инақәыршәаны, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭитәуеит, аамҭак ала ари амаҵураҭыԥ аҿы дҟаиҵоит Валери Бганба;
Иҟоу аминистрцәа ҿыц иалххо Аҳәынҭқарра Ахада имаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара далагаанӡа рмаҵуратә напынҵақәа рынагӡаҩцәас иҟалоит.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит: Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа, «Ареспублика Аԥсны асуверенитет ахьчаразы Акомитет» ахантәаҩы Леуан Миқаа.
Аиҿцәажәарақәа анхыркәшаха ашьҭахь урҭ ирылахәыз ажурналистцәа рахь ицәырҵит. Абар урҭ ирҳәаз:
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба: «Шәара ишыжәдыруа еиԥш, ԥшьымш рыҩныҵҟа атәылаҿы акыр иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟан. Аоппозициа ахаҭарнакцәеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи ишьақәгылаз аҭагылазаашьа лыԥхала алҵразы иҟарҵаз даара ирацәоуп.
Иахьа Жәлар Реизара-Апарламент аԥшьгарала аганқәа реиԥылара еиҿкаан. Иҳаҩсыз амшқәа рзы Апарламент Арсепублика Аԥсны анапхгареи аоппозициатә мчрақәеи рыбжьара абжьаҟазаратә миссиа нанагӡон.
Иахьа ҳара ишиашоу аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аформат ахь аиасра ҳаӡбеит. Акыраамҭа ицон аиҿцәажәарақәа, аҵыхәтәан иҳалшеит аконсенсус аԥшаара. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аиҿцәажәарақәа ирылахәыз зегьы иааныркылаз аконструктивтә позициа азы».
Бадра Гәынба: «Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа. Ишыжәдыруа еиԥш, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчараа азы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхьатәара ацаразы аӡбамҭа идикылеит. Уи акыраамҭа, жә-сааҭк инареиҳаны ицоз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәахеит. Зегьы ирыцку – ҳара зегьы азакәан аҳәаақәа ҳаҽырҭагӡаны ҳаҟазаара ауп. Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, аҭагылазаашьа маҷ-маҷ аҭышәынтәалара иаҿуп ҳәа, саргьы агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазырханы имҩаԥааго аусура ахықәкынагӡара алыршахоит ҳәа».
Адгәыр Арӡынба: «Ҩаԥхьа аполитикатә кризис ҳашьҭахьҟа иаанҳажьит ҳәа ҳҳәар алшоит. Араҟа иҭабуп ҳәа раҳәатәуп аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы, насгьы, жәаҳәарада арҭ амшқәа зегьы рыҩныҵҟа рыҩны згәы иамыртәакәа абраҟа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахыбреи Жәлар Реизара-Апарламент ахыбреи рҿаԥхьа игылаз ауаа зегьы. Ари ажәлар рҭаххра аарԥша ауп. Уи иахьа инагӡахеит. Ҳәарада, сколлегацәа рҟынтәи аӡәгьы ас еиԥш ахҭысқәа рыҟалара, аҭагылазаашьа аибарххара ҟалар иҭахӡамызт. Насыԥла, ҳгәаанагарала атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алзыршо аконсенсус аԥшаара алыршахеит.
Абар шьҭа ԥшьымшуп аоппозициа адгылаҩцәа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанкыланы ирымоуижьҭеи.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа ԥшьымшуп аоппозициа адгылаҩцәа Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанкыланы ирымоуижьҭеи.
Иацы, абҵарамза 17 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа игылаз аихаанда ықәыргеит.
Амш иалагӡаны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыла еиҿкаау аусуратә гәыԥ аоппозициа ахаҭанаркцәеи атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи ишьақәгылаз акризисттә ҭагылазаашьа алҵразы аҩганк ирнаало, акомпромисстә вариант аԥшааразы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара иаҿын.
Иахьа ашьжьымҭан анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс акәша-мыкәша ҭынчроуп. Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа жәаҩыла ауаа еизаны игылоуп.
Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысит Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара.
Аслан Бжьаниа аминистррақәа рнапхгаҩцәа излауа ала урҭ русура алдыршарц азы анапынҵақәа риҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Ирылацәажәеит иҭышәынтәалоу афымцамч ала аиқәыршәара, асоциалтә инфраструктура аобиектқәа русура алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Аслан Бжьаниа гәыԥҩык Апарламент адепутутцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи гәыԥҩык Апарламент адепутатцәеи реиԥылара.
Иалацәажәеит атәылаҿы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа. Асааҭ 18:00 иахымгакәа аделегациақәа шьақәыргыланы атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿцәажәарақәа ирылагарц азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аоппозициа ахаҭарнакцәа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаԥхьа игылоу ауаа ирырҭаз адырра ала, Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥысыз аилатәара аихшьаалақәа рыла, ԥшьҩык адепутатцәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь рышьҭра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.