pressadmin-2
Сергеи Кириенко: атуризм Аԥсны алшықәсанык иҟазароуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аплиаж ахь аныҟәара аԥхынра адагьы аӡынгьы иҟалоит», ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
«Иахьа Аԥсны аиҳарак аплиажтә ԥсшьара ауп иҟоу, ареспублика зегьы ԥшьымз рыла иаанхаз ашықәс аамзы иазхартә еиԥш уи ала ахы ныҟәнагоит. Атуризм Аԥсны амшыни аԥхыни рыла инымҵәозар ауп, уи ареспублика зегьы амҽханакуазар ахәҭоуп. Уи азы мҽхакы ҭбаала аусура аҭахуп», - ҳәа Ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи ириҭаз аинтервиу аҟны иҳәеит Сергеи Кириенко.
«Амшынеиқәафымцамч» ауааԥсыра афымцаҳақәа рыҽрымадареи афымцаԥхьаӡагақәа рышьақәыргылареи аԥҟарақәа рзы адырра рынаҭоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцаҳақәа изакәанымкәа рыҽрымадара аԥхьырҟәҟәаара иазку аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы.
Ԥхынгәымзазы аоперативтә штаб аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба ихантәаҩрала аусура ҩаԥхьа ихацнаркит.
Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан афымцаҳақәа рмодернизациа мҩаԥгоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭақәа ацхыраареи адгылареи рыҭаразы аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан афымцаҳатә инфраструктура арҿыцра иазку аусурақәа мҩаԥгоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа анапхыцәгьаразы аусеилыргарақәа хацдыркит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа апроцессуалтә гәаҭарақәа хнаркәшеит. Урҭ ирылҵшәаны ԥшьҩык атәылауаа: Гәымба Сусана Акаки-иԥҳа, Лазба Асҭанда Гаргь-иԥҳа, Цыгәба Феликс Виачеслав-иԥа, Калиагина Анна Владимир-иԥҳа рганахьала аусеилыргарақәа хацнаркит. Иарбоу ауаа мҽхакы ҭбаала анапхыцәгьаратә усқәа рынагӡараҿы игәҩароуп.
Сергеи Кириенко: атуризми ақыҭанхамҩеи роуп – аԥсуа економика ԥхьаҟа изго.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсуа телехәаԥшреи ателеканал Абаза-ТВ-и аинтервиу аҭо ареспубликаҟны ааглыхра хьанҭа аԥеиԥш змоу акакәны ишиимбо иҳәеит.
Сергеи Кириенко: «Урыстәыла Аԥсни, аԥсуа жәлари иареи акыраамҭатәи аиҩызареи астратегиатә партниорреи рыбжьазарц аҭахуп».
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Урыстәыла Аԥсни, аԥсуа жәлари иареи акыраамҭатәи аиҩызареи астратегиатә партниорреи рыбжьазарц аҭахуп», ҳәа Аԥсуа телехәаԥшреи ателеканал «Абаза-ТВ»ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Урыстәылати Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Сергеи Кириенко: Аԥсны аҵакыраҟны аус зуаз аполиттехнологцәа азакәанԥҵара еиларгеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵакыраҟны аус зуаз аполиттехнологцәа азакәанԥҵара еиларгеит ҳәа иԥхьаӡоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Амаҵзура аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Амаҵзура аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.
Аныҳәатә еизара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Амш азгәаҭара иалахәыз Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Сергеи Кириенко: Атәылауаҩра азҵаара – ари ишиашоу аҳәынҭқарра асуверенитет иадҳәалоу зҵаароуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсуа телехәаԥшреи ателекомпаниа «Абаза-ТВ» аинтервиу аҭо хҩык Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра рымхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.
Сергеи Кириенко: «Аԥсны Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа ыҟаӡам».
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа телехәаԥшреи ателеканал Абаза-ТВ-и аинтервиу аҭо Аԥсны Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа ыҟаӡам, аха хазы игоу ауаа ус иҟоу ацәажәарақәа рхы иаҭәаршьоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.








