pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамз 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны асоциалтәи аспорттәи аобиектқәа дырҭааит, аргыларатәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа рцашьа гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Ахада Бадра Гәынба инапынҵала Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи анаркотикатәи арҩашьыгатәи амаҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҿы ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.

Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа, Аҟәа араион Ахадара ахаҭарнакцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыжьуп аԥсышәала икьыԥхьу арҵагашәҟәы «Алитературатә аԥхьара. 2-тәи акласс азы». Уи авторцәас иамоуп Ф.Б. Хаҳәыбиа, З.Б. Ҵәыџьба, иара убас Х.Г. Шамба.

Ари Аԥсны аҵара Аминистрра ала азеиԥшҵараиурҭақәа рзы арҵагатә цхыраагӡатәқәа реиҭахәаԥшра аҳәаақәа иҭагӡаны икьыԥхьыз аԥышәатә ҭыжьымҭоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы асахьаркыратә гимнастика Ашкол аадыртит.

Ашкол аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба, аҵара Аминистрра азеԥш, абжьаратәи азанааҭтә ҵарадырреи рыҟәша ахаҭарнак Маиа Цыбулевскаиа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациа апрезидент Гәында Кәарҷиа, Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, аспорттә еилазаара ахаҭарнакцәеи аспортсмен қәыԥшцәа рҭаацәеи.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион апрокуратура Ашоҭ Хачикиан дишьит ҳәа агәҩара зду Аинар Аҩӡба иганахь ала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа  1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ашьаус хацнаркит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгаратә усуреи аҟыбаҩ злоу акадрқәа ралхреи рганахьала Урыстәыла хра злоу аԥышәа амадара атенденциа шыҟоу убаратәы иҟоуп, ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит Урыстәыла Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университет адоцент, аполитолог Алеқсеи Мартынов.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи еизыҟазаашьақәа ирызку Ахеилак аԥҵаразы.Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Сухум. 9 сентября 2025.  Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартамент анапхгаҩы Михаил Калугини реиԥылара мҩаԥысит. Аҩри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

2025 шықәса цәыббрамза 9 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва иҟазаараан, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартамент анапхгаҩы Михаил Калугин диԥылеит. Аиԥылара аԥсуа ган аҟынтәи иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мадина Аҩӡба.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса цәыббрамза 9 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит.

«Ари ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз ашьаҿа ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгыларазы азакәантә шьаҭа аԥҵара алнаршеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.