Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Гагра араион анапхгара ашкол аҳәынҭқарратә хатәтәрахьы архынҳәразы иаднакылаз азыӡба аҵакы, уи иашаны ишыҟаҵаз ҳәаны.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Гагра араион ахарџьқәа рыла.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Гагра араион афинанстә цхыраара шаҭахо арҿыцратә усурақәеи ашкол аартреи рырццакразы.
Арҿцыратә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь Цандрыԥшь аҳаблаҟны раԥхьаӡакәны аԥсуа школ аартхоит 600-ҩык ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы алшара аԥҵаны.
Цандрыԥшь аҳабла Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Џьопуа Артур Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит ахәыҷбаҳчақәа разымхара шыҟоу азы.
Бадра Гәынба ирабжьигеит Цандрыԥшьтәи ашкол акорпусқәа руак рҿыцны ахәыҷбаҳчазы аиҭеибыҭара.
Араион анапхгара изыхәҭоу анапынҵа рыҭоуп уи анагӡаразы ажәалагалақәа разырхиаразы.






