pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба рашәарамза 24 рзы  ахәыҷқәа рзы урыстәылатәи аԥаратә цхыраара зауаз гәыԥҩык анацәа дырԥылеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адырра ала иара идҵа инақәыршәаны, аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵоуп. Уи анапынҵақәа иреиуоуп ироуз ацхыраагӡақәа ирыхҟьаны ашәарҭара иақәшәаз, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа азинтә цхыраара рыҭара. Аимадара ҷыда аартуп. Ашәарақәа зауаз ирызку адыррақәа зегьы еизгатәуп.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәарҭадара Амаҵзуреи Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентри русзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы Интерпол зышьҭаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Салдыз Метин дааныркылеит.  

Салдыз Метин Интерпол ала жәларбжьаратәи аԥшаара даҵанакуеит. Уи инақәыршәаны иара аанкылареи азыҳәаҩ итәыла аҵакырахь ииагареи ахәҭаны иҟоуп. Иара гәҭакыла ауаҩшьразы, мҽхакы ҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реиқәыршәареи рыҭиреи, иԥаршеиу адокументқәа рыҟаҵареи, иара убасгьы изакәантәымкәа абџьар аҵәахреи аныҟәгареи рҿы далахәын ҳәа агәҩарас дыҟоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра XXVIII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәара далахәын.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин апленартә еилатәараҟны аҵак ду змоу аҳәамҭақәа жәпакы ҟаиҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 49-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит  аҭоурыхтә наукақәа ркандидат,  Ростовтәи аобласт Аҳәынҭқарратә архив адиректор Николаи Ҭраԥшь. Иара дҭахеит рашәарамза  21 ахәылбыҽха Ростови Ставрополи еимаздо амҩаду аҿы иҟалаз автомашьынатә машәыр иахҟьаны.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликтә стадион аҿы ихацыркхеит атлетика лас азы иаарту ареспубликатә турнир «Аолимпиатә аҩра амш». Аицлабрақәа Жәларбжьаратәи Аолимпиатә амш» азгәаҭара иазкуп.

Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи 200-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Елакы.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусӡбараанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь рыиагараан хҩык абаандаҩцәа рыбналара афакт азы ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи  аспортсменцәа кекусинкаи карате азы Нхыҵкавказтәи афедералтә Округ иаарту атурнир аҿы ахԥатәи  азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит.  Атурнир мҩаԥысуан рашәарамза 20 – 23 рзы аҳабла Домбаи аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа » рашәарамза 20 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара аҿы акоманда «Четыре татарина», иара убас Москватәи Авиациатә Институт еизгоу акоманда (МАИ) ираԥасны аиааира ргеит. Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо аиԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит «Нарҭаа» ркоманда акаԥдан Ҭемыр Ҭаниа.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи атуризм аминистри реиԥылара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра атуризм аминистр Логәуа Асҭамыри иареи реиԥылараан атуризм аминистрра ачынуаа рҳәамҭақәа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит. 

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Курчатов ихьӡ зху аробототехника азы аицлабра «Атомтә код» алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Аицлабра  мҩаԥгахоит Обнинск ақалақь аҟны рашәара 27 инаркны ԥхынгәы 4 рҟынӡа.  Абри атәы иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба.

«Атомтә код» - ари ахәыҷқәеи аҿари рдырратә зҿлымҳарақәа рыҿиареи анџьныртә занааҭқәа рыларҵәареи иазку аҵаратә проектуп. Уи рхы аладырхәыр рылшоит 12 шықәса инаркны 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.