pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара Ашкол акоманда аҳәса ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир «Кавказ ажәларқәа реиҩызара Ахраҿа» аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абоксиор Харитон Агрба зыкапантә категориа 67 кьыла  рҟынӡа инаӡо аспортсменцәа рыбжьара IBA аверсиа ала адунеи ачемпион имаҟа аиура иҽаԥсаитәит, иара убри ала актәи абжьарабжатә капан иаҵанакуа рыбжьара WBA атитул аиуразы ашҭазааҩыс дҟалеит.  

Аиндаҭлара ашьҭахь Харитон ари аиндаҭлара аҟынтәи иоуз ацәаныррақәа дрыхцәажәеит.  

«Адунеи ачемпионс ушыҟоу аилкаара даараӡа игәахәароуп, аишазы. Раԥхьатәи ахықәкы нагӡоуп», - ҳәа иҳәеит Харитон Агрба.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи 14-ҩык аспортсменцәа карате кекусинкаи IFK (кумите) азы Ҟрым Аԥхьахәгара рхы аладырхәит.

Абҵарамза 3 рзы Симферополь имҩаԥысуаз атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла ԥшь-регионк рҟынтәи: Ҟрым, Ростовтәи аобласти Краснодартәи  атәылаҿацәи, Адыгеиа, иара убас Аԥснынтәи  15 командак реилазаара аҿы  210-ҩык аспортсменцәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 29, 2024 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҿы Џьансыхә Адлеиба Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  207, ахәҭа  1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоуразы (амбжьахра, абџар, мамзаргьы абџьар аҳасабала рхы иадырхәо  амаҭәарқәа рхархәарала ауаажәларра пату рықәымҵара аазырԥшуа азинеиҿкаара   аилагара азы) иду ахара аганахьала ашьаусеилыргаратә еилатәара мҩаԥысит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аҩбатәи Ахада Едуард Кокоиты 60 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

 

“Шәара шәтәылеи шәыуаажәлари рпатриот иаша, рхьыԥшымреи рсуверенитети рзы ақәԥара ахыҵхырҭаҿы игылаз шәакәны шәыҟоуп. Шәполитикатә мҩаҿы иуадаҩыз аԥышәарақәа шәрықәшәеит, хаҭала, Қырҭтәыла имҩаԥнагаз арратә агрессиа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаармза 31 рзы иазгәарҭоит Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш. 26 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза  31, 1996 шықәса рзы Амшын Еиқәа иаԥну аҳәынҭқаррақәа фба — Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Украина рыбжьара — Амшын Еиқәа ареабилитациа иазку ауснагӡатәқәа рзы астратегиатә План рнапаҵыҩра мҩаԥысит. Убасҟангьы ари аекологиатә ныҳәа аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы 2024 шықәсазы Арепатриациа Афонд абиуџьет аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект шьақәдырӷәӷәеит.

Аиҭакра Афонд абиуџьеҭ аныхтә хәҭа иадҳәалахоит, уи 92,8 млн. мааҭ рыла иацҵахоит.  

Арепатриациа Афонд ахышәа-ҵышәақәа:  

– Афонд абиуџьеҭ ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 311 млн. 850 ныықь мааҭ,

– Афонд абиуџьеҭ аныхтәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ– 427 млн. 266,4 нызықь мааҭ, Афонд абуџьеҭ адифицит ашәагаа –  115 млн.  416,4 нызықь мааҭ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «2025 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ азы» азакәан апроект шьақәдырӷәӷәеит.

Аусшәҟәы ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахоит.

Адгалара мҩаԥгоуп 2025 шықәсазы Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ азеиԥш хышәа-ҵышәа ашьақәырӷәӷәаразы:

– ахашәалахәқәа рыла – 17 млрд 359 млн. 347,7 нызықь мааҭ,

– аныхтәқәа рыла – 17 млрд. 468 млн. 879,6 нызықь мааҭ, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ  адефицит –  109 млн. 531,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџеҭ ахышәа-ҵышәарақәа:

– ахашәалахәқәа рыла – 13 млрд. 145 млн. 838,4 нызықь мааҭ,

– аныхтәқәа рыла – 13 млрд. 255 млн. 370,3 нызықь мааҭ,

– ареспубликатә биуџьеҭ адифицит ашәагаа  – 109 млн. 531,9 нызықь мааҭ.

Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара:

– Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы – 3 млрд. 862 млн. 775,5 нызықь мааҭ,

–2023–2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара азы Аинвестициатә Программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны азы абиуџьеҭә ԥаратә хархәагақәа рыла аинвестициақәа рымҩаԥгара азы – 1 млрд. 155 нызықь мааҭ,

– 2022–2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма ала аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара афинансыркра азы – 100 млн.  500 нызықь мааҭ.

Ареспубликатә биуџьет адефицит афинансыркразы ахыҵхырҭқәас иҟалароуп Амилаҭтә Банки егьырҭ ахыҵхырҭақәеи.

Акредитқәа рыла ажьырныҳәаза 1, 2026 шықәса рзы ареспубликатә аҩныҵҟатәи ауал иреиҳауа аҩаӡара 650 млн. мааҭ рыла ишьақәыргылахоит, акредитқәа рыла ареспубликатә адәныҟатәи ауал хыхьтәи аҩаӡара  –  926 млн. 381,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  2025 шықәсазы ареспубликатә аҩныҵҟатәи амԥсахра апрограмма аицҵалыҵ 650 млн. мааҭ рыла ашьақәырӷәӷаразы адгалара ҟаҵоуп.   

Аҟәа. Жьҭаараза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба 2025 шықәсазы рбиуџьеҭқәа рзы азакәанқәа рыпроектқәа шьақәнарӷәӷәеит.

Зыӡбахә ҳамоу Аԥсны Атәанчаҩратә фонд, Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд, арепатриациа Афонд, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд, асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд, Амҩатә Фонд.

Азакәанқәа рыпроектқәа ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахоит.

– 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ 258 млн. 937,8 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

– Атанчаҩратә Фонд 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи   реицҵалыҵ –  1 млрд. 882 млн. 796,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилзаара аҿы ԥхынҷкәынмза 28, 2016 шықәсазы ирыдыркылахьаз «Аҭаҭын аалыҵи иџьбароу арыжәтәи рзы 2016 шықәсазтәи ахкы  азы акцизатә дыргақәа ралагаларазы» Ақәҵара   №234 аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Иалагалахо аҭаҭын аалыҵи иџьбароу арыжәтәи рзы акцизатә дыргақәа рыҟаҵара ахәԥса ахьышьҭыҵыз инамаданы, аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит: 

– Иалагалахо иџьбароу арыжәтә азы 2016 шықәсазтәи ахкы ахала иҷабуа акцизатә дырга (90x26 мм.)  шьҭарнахыс ирклоит 1,45 мааҭ, аофсеҭтә шьаҭала иҟаҵоу акцизтә дырга (90x26,5 мм)   – 1,15 мааҭ;

– иалагалахо аҭаҭын аалыҵ азы 2016 шықәсазтәи ахала иҷабуа акцизтә дырга (63x21 мм.), иара убас аофсеҭтә шьаҭала иҟаҵоу акцизтә дырга  (44x20 мм.) –  1,15 мааҭ.

Иазгәаҭатәу, акцизатә дыргақәа рыхәԥса аа-шықәса ԥахрада иҟан.

Ақәҵара азинмчы аиуеит абҵарамза 1, 2024 шықәса.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.