АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 17:29

Сергеи Кириенко: Аԥсны аҵакыраҟны аус зуаз аполиттехнологцәа азакәанԥҵара еиларгеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵакыраҟны аус зуаз аполиттехнологцәа азакәанԥҵара еиларгеит ҳәа иԥхьаӡоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.  

«Дара, ҳәарада Аԥсны азакәанԥҵара еиларгеит. Иара убас, Аԥсны рыҟазаара иадҳәалоу аморал-етикатә ԥҟарақәа еиларгеит. Убри аҟнытә, сара сгәаанагарала, урҭ азакәанеилагаразы рҭакԥхықәра ахьынӡаҟоу аусеилыргареи аӡбарҭеи иҳәаақәырҵароуп», - ҳәа Аԥснытәи ателехәаԥшреи ателекомпаниа «Абаза-ТВ» ажурналистцәа дрыҿцәажәо иазгәеиҭеит иара.

Убри аан, Сергеи Кириенко иажәақәа рыла, даҽа ганкахьала азакәанеилагаҩцәа рганахьала ақәымчра ҟалашьа змам акоуп.

«Урыстәыла еснагь ртәылауаа рзинқәа ахьчалоит. Убри аҟнытә, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рганахь ақәымчра ҟазҵо зегьы урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны иахьырхәхоит", — иҳәеит Сергеи Кириенко.


Read 96 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.