АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:51

Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Амаҵзура аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Амаҵзура аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.

Аныҳәатә еизара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Амш азгәаҭара иалахәыз Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофицерцәа, аветеранцәа, аусзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 4 рзы Владислав Арӡынба инапы зҵаиҩыз Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵарала иаԥҵаз акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә усбарҭа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Амш!  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Ареспублика ашәарҭадара алыршара асистемаҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Шәара ламысцқьала, ҭакԥхықәрала амаҵзура мҩаԥыжәгоит, аҳәынҭқарратә интересқәа, ҳауаажәлар ршәарҭадара, аконституциатә шьақәгылара аҭышәынтәалара рыхьчара шәаҿуп занааҭдыррала, Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ишәыду аԥхықәра нагӡо.   

Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит амаҵзура аԥҵара ахыҵхырҭақәа рыҟны игылаз аветеранцәа, урҭ иахьагьы хәы змаӡам рԥышәа аусзуҩцәа ҿарацәа ирымардоит аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рытрадициа бзиақәа шьақәырӷәӷәаны.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ачҳара, аихьӡарақәа амаҵзураҟны, шәыҩнаҭақәа рыҟны ахирра агымзааит. Акрызҵазкуа, аҭакԥхықәра ду зцу шәусура есқьынгьы ҳаҭырқәҵарала иазгәарҭалааит ҳауаажәлар! Шәныҳәаз!».

 


Read 146 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.