pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада «Ԥсоу – Егры» амҩа ду иуашәшәыроу аҭыԥ аҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаԥысшьа дахәаԥшны ибеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь иусуратә ныҟәарақәа раан 12 км ахьыбжьоу амҩа ду аҟны аусурақәа рымҩаԥысшьа дахәаԥшны ибеит.
Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир Ахада адырра ииҭеит "Ԥсоу – Егры" амҩа ду аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишрымҽханакуа иазԥхьагәаҭоу иуашәшәыроу аҭыԥқәа 15, аусурақәа Аинвестпрограммала ишымҩаԥысуа.
Астанциа маҷ «Алаҳаӡы» аҿы арҽеиратә усурақәа рышьҭахь уи азеиԥш мчхара 80 МВт рҟынӡа иҟалоит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭаҟны астанциа маҷ аҿы арҽеиратә усурақәа рымҩаԥысшьа дахәаԥшны ибеит.
Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла ари аиҵастанциа араион аҟны иҟақәоу иреиҳау иаҵанакуеит, иара аусура фымцала аиқәыршәаразы астратегиатә ҵакы амоуп.
Аргылара аусбарҭа аиҳабы ишиҳәаз ала, арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара иалагаанӡа аиҵастанциа амчхара иартәон 20 МВт. Шьаҭанкылатәи арҿыцра анымҩаԥгаха анаҩс астанциа амчхара иазҳаит 40 мегаватт рҟынӡа.
Есышықәса иазгәарҭо IV ахьа Амш Аҟәа ақалақь аҿы иазгәарҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы есышықәсатәи IV ахьа Амш азгәарҭеит. Ахьа Амш азгәарҭеит абҵарамза 15 рзы Аҟәа ақалақь, акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы. Аусмҩаԥгатә еиҿкаахеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара Аҟәа иҟоу апроекттә офис (ФАО) ала.
Аусмҩаԥгатә Аԥсны аекосистема хадақәа иреиуоу, аԥсабаратә, аекономикатәи акультуратәи аҵакы змоу ахьатә бнақәа реиқәырхара апроблема ахшыҩзышьҭра аҭара иазырхан. Ахьа Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахеит аетнографиатә цәыргақәҵеи ахьа аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы инанагӡоз ароль атәы зҳәо адокументалтә фильм дырбареи. Аматериалқәа зегьы еиқәыршәахеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара Аҟәа иҟоу апроекттә офиси аԥснытәи аҵарауаҩ, атәылаҿацәҭҵааҩы, арккаҩы Таисиа Аланиеи (1950–2025шш.) русеицура иалҵшәаны. Аекспозициеи акинорбареи уи лгәалашәареи ахьа иадҳәалоу акультуратә ҭынха ахьчареи иазкхеит.
Асасцәа ҷыдала иазҿлымҳахеит ашеф-хәыҟаҵаҩцәа Шамиль Кылычи Леонид Приадихини ркулинартә шоу. Урҭ иӡырыргеит ахьа иалхны иҟаҵаз равтортә чысхкқәа. Аусмҩаԥгатә иаҭааз асасцәа афатқәа рыҟаҵареи ргьама абареи рзы алшара роуит.
«Амедиашкол 2025» аусура иалагеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва Аҩны амедиашкол абҵарамза 13–14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аус аулоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи, иара убас ААУ астудентцәа ажурналистика аҿы ҳаамҭазтәи атенденциақәеи ацифратә медиақәеи ирызку алекциақәа ирзыӡырҩуеит, иара убас Урыстәыла иԥхьагылоу аспециалистцәа имҩаԥырго аҟазара-аклассқәа рхы аладырхәуеит. «Амедиашкол» аҿы аҵара рҵоит рзанааҭтә дырра аҩаӡарагьы шьҭырхуеит 30 - ҩык инарзынаԥшуа.
Дамеи Аҩӡба: «Амҩақәа рҿы ашәарҭадара — ари зегьы иаҳзеиԥшу ҭакԥхықәроуп».
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Амҩақәа рҿы ашәарҭадара – ари зегьы иаҳзеиԥшу ҭакԥхықәроуп, уи зегьы ирыцку ҳауаажәлар рыԥсҭазаареи ргәабзиареи иахьадҳәалоу ауп», - ҳәа иазгәеиҭоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба:
Аԥсни Псковтәи аобласти рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Владимир Делбеи Михаил Ведерникови.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Псковтәи аобласт Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциал-культуратә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапаҵыҩра мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Псковтәи аинформациатә Агентра. Аусшәҟәқәа рнапы аҵарҩит Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерникови Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи.
Аиԥылара аламҭалаз Михаил Ведерников аԥснытәи иколлегацәа Псковтәи аобласт аҿы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аделегациа инарҭбаау аусуратә мшы рзыԥшуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара ареспублика Аԥсны ҳанаҭаа инаркны хымз ҵит, аха сара гәахәарыла иазгәасҭоит ҳаиқәшаҳаҭрақәа зегьы анагӡара иаҿуп, ҳара ирацәаны апроектқәа ҳамоуп – еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы жәаба инареиҳаны. Аҿартә проектқәа, аекономикеи егьырҭ ахырхарҭақәа рыла жәпаки», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агубернатор.
Акциа «Ақьиара аллеиа» мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи ақьиара Амш иазкны «Ақьиара аллеиа» ҳәа хыс измоу ақалақьзегьтәи акциа мҩаԥысит.
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Псковтәи аобласт даҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба зхадараҿы дыҟоу Ареспублика Аԥсны аделегациа Псковтәи аобласт иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо рзы Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи ма раиуреи апроцедура армариоит.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Анапхгара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иааԥмырҟьаӡакәа инхо, урыстәылауаҩра змоу рзы Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи ма раиуреи апроцедура армариоит.
Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа ақалақь Абазаа рымҩала иҟалаз аинцидент аилыргара иаҿуп.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилаки аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилаки инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит иахьа, абҵарамза 12 рзы. Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭырнак Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар, апрокурор Хада Адгәыр Агрба.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут адепутатцәа заанаҵтәи абаллистикатә дыррақәа рыла, абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, Гәымаа рымҩала иҟалаз ахысра аӡәы иоуп иалахәыз ҳәа адырра риҭеит.








