АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Жьҭаара.2025

Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа авидеоконференциа аформат ала аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа авидеоконференциа аформат ала аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭараан аиҿкаара-методологиатә дгылареи уи ахаҭабзиара аиӷьтәреи ирылацәажәеит. Аиԥылара ахықәкы хаданы иҟалеит аусеицура арӷәӷәареи ареспублика ауааԥсыра иыҭахо амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхреи, ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-амаҵзура.

Аилатәара аадыртит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Плутницки.

Едуард Быҭәба Аԥсны асоциал-економикатә Программа анагӡара шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит. Уи абарҭ азҵаарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭа аиҭеит:

- ангиограф аахәареи уи азы ахыбра аргылара ахыркәшареи;  

- Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада шьаҭанкыла ареконструкциеи аиҭашьақәыргылареи;

- 2025-2028 шықәсазы агәабзиарахьчаратә система аоптимизациа аплан;

-    атәылауаа ахәшәқәа рыла реиқәыршәара;

- акурорттә аамҭазы аҳақьымцәа Аԥсныҟа раашьҭразы Урыстәыла ахада инапынҵақәа рынагӡара.

Аилатәара иара убас рхы аладырхәит: Демир Гамсаниа (Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы), Аџьба Ахра (хәшәылеи амедицинатә хархәхагақәеи рыла аиқәыршәаразы агәабзиарахьчара Аминистрра аусбарҭа аиҳабы), Роланд Гамсаниа (аминистр ицхырааҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрра аргылара, атранспорт, аиқәыршәара аусбарҭа аиҳабы), Ерик Ҳатхәа (Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада, Индира Арсалиа (Гагратәи ааионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада), Ельмира Вергазова (Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистра иҷыдоу аинфраструктуратә проект анагӡара азы адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ), академикцәа, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист хадацәа Сергеи Багненкои Сергеи Боицови.


Read 12 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.