Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи алахәылацәа ашәырқәа, ауҭраҭых, аиаҵәара иԥку аҵакыраҿы – шәагаала имаҷу адәқәеи абаҳчақәеи аҩнқәеи рҿа раарыхра азы ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәа рзы адыррақәа рызнагахеит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) агрономцәа акультурақәа ралхра, аҵиаақәа ахылаԥшра рыҭара, рааӡара, адгьыл арҵәыра аҭара азы абжьгарақәа ҟарҵеит, иара убас еиааиԥмырҟьаӡакәа екологиала ицқьоу аура аиуразы ақалақьтә дгьылхәҭақәа еффективра рхархәара аметодқәа ртәы еиҭарҳәеит.
«Ақалақьтә адгьықәаарыхра – иҭышәынтәалоу аҿиара ихадоу хәҭаны иҟоуп. Уи ауаа рҭаацәа зхаҭабзиара ҳараку афатә аалыҵқәа рыла реиқәыршәара, иаарыкәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара, иааизакны афатә-ажәтә шәарҭадара арӷәӷәара аҿы ирыцхраауеит», - ҳәа иазгәалҭеит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроекттә офис ахада Алеқсандра Смычкович.
Аусмҩаԥгатә аинтерактивтә формат аҿы имҩаԥысит, араҟа алахәылацәа апрактикатә зҵаарақәа рылацәажәара, аԥышәеимадареи аспециалистцәа рҟынтәи хаҭала абжьгарақәа раиуреи рзы алшара рзаԥҵахеит. Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз алахәылацәа зегьы рыцыԥхьаӡа асимволтә ҵакы змоу ауснагӡатә аҳасабала кумкват ашьапқәа ҳасҭас ирырҭеит.
Иарбоу аусмҩаԥгатә Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаареи (ФАО) аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агентреи (SDC) афермерцәа адгылара рыҭара, иҭышәынтәалоу ақыҭанхамҩатә практикақәа рӡыргареи аҭыԥантәи аилазаарақәа рыҿиареи иазырхоу акомплексттә усура иахәҭакны иҟалеит.
Аусмҩаԥгатә аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агентра (SDC) иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны инагӡахо «Аԥсны аҳәса-афермерцәа рекономикатә ҭышәынтәалара адгылара аҭара» ҳәа хыс измоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроекттә офис ала еиҿкаахеит.