АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2025

Аԥснытәи аделегациа Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа иалахәуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа ареспублика Амш азы Башкириа иаҭааит.

Уфа ақалақь ахь иааит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәа, ҳәа адырра ҟааҵоит Ареспублика Башкортосҭан анапхгара апресс-маҵзура.

 «Башкортосҭан акультура, аекономика, аԥсабаратә ресурсқәеи ауааьәыҩсатә капитали  рганахьала апотенциал дуӡӡа аманы иҟалахьеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Ареспубликақәа Аԥсни Башкортосҭани еидгыланыарҭ алшарақәа ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала абарҭ аусхкқәа рҿы ахархәара шалыршахо: атуризм, ақыҭанхамҩатә аалыҵла аимдара, акультуратәии аусуратә еимадарақәа рышьақәырыгылареи рырҿиареи», – ҳәа иазгәеиҭеит Ареспублика Башкортосҭан аминистрцәа Реилазаара ахада Андреи Назаров.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа иажәқәа рыла, ареспубликақәа рыбжьара аимабзиаратәии аиҩызаратәи аизыҟазаашьақәа ашьақәгылара иалагахьан 1993 шықәса инаркны, усҟан Уфа ақалақь аҿы иаартын Аԥсны Ахаҭарнакра.  

Беслан Бигәаа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Башкортосҭани реизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿу.

«Ҳаизыҟазаашьақәа есааира рыҽдырӷәӷәоит, хымԥада, уи зыбзоуроу Башкириа анапхгареи иқәынхо ажәлари роуп. Уи азы иҭабуп сҳәоит, иара убас Ареспублика амш рыдысныҳәалоит, абзиарақәа рзеиӷьысшьоит. Иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Башкириа ҳара аиашьаратә цхыраара ҳанаҭеит: арахь иаауан ҳара раԥхьатәи ҳастудентцәа, шәҵараиурҭақәа рҿы урҭ аҵара роуан.Аԥсныҟа идәықәҵахон ахәшәқәа, афатә аалыҵқәа, анефтаалыҵқәа. Ҳара ҳажәлар ари аҩыза ацхыраара ахаангьы ирхашҭӡом. Хыԥхьаӡара рацәала иҟоуп ҳаиҩызара зырҵабыргуа  аҳаҭырқәҵареи агәалашәареи рдыргақәа. Убас: Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Башкиртәи амҩа, Уфа акәзар – Аԥснытәи амҩа. Шықәсык раԥхьа шәара шәықалақь аҿы иаартын Аҟәатәи аԥшаҳәа аҿы игылоу агәашьеибаркыра аиԥш зеиԥшу аргыламҭа. Уи ҩаԥхьа иарҵабыргуеит ҳреспубликақәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи аиҩызареи есааира ишыӷәӷәахо», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Бигәаа.

2023 шықәсазы Аԥсни Башкортосҭани рнапхгарақәа ареспубликақәа рыбжьара апартниортә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, аԥышәеимадара, абизнес аҿиара, атуризм, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, акультуратә еимадарақәа, уҳәа аусхкқәа рҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Шықәсык аԥхьа Уфа ақалақь аҿы иаатит агәашьеибаркыра – башкириатәи аԥснытәи ажәларқәа реиҩызара асимвол. Агәашьеибаркыра асимволтә ҵакы амоуп, уи ааигәара аурыс жәлари абашкир жәлари рыиашьаратә еиҩызара иазку амонумент ахьгылоу. Уи Башкириа хатәгәаԥхарала Урыстәылатәи аҳәынҭқарра алалара ҟалеижьҭеи 400-шықәса ахыҵра инамаданы иргылан.

Башкириатәи аԥыза-министр Андреи Назарови аԥснытәи аделегациа алахәылацәеи Аиҩызара абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит, иара убас иаҭааит аӡиас Агидель (Белаиа) аԥшаҳәаҿы игылоу Аҟәатәи агәашьеибаркыра аиԥш зеиԥшу аргыламҭа, иара убас иаҭааит.

«Шықәсык уажәаԥхьа иаартын Аҟәатәи агәашьеибаркыра иеиԥшу агәашьеибаркыра, аԥсуаа рзы ари амшын ахь агәашәқәа роуп, ҳара ҳзы ҳаиҩызара агәашәқәа раартра иасимволуп»— ҳәа иҳәеит Андреи Назаров.

 

 

 

 


Read 20 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.