Аныҳәатә усмҩаԥгатә зхы алазырхәыз Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Аԥсны Ахада ихьӡала адныҳәалартә цҳамҭа даԥхьеит.
«Ҳаҭыр зқәу Ради Фарит-иԥа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Башкорҭасҭан ауааԥсыра зегьы ирыдысныҳәалоит Ареспублика амш.
Ари аныҳәамш символра азнауеит Башкорҭасҭан аҭоурых аҟны акрызҵазкуа аамҭа, аҳәынҭқарратә ргылареи асоциал-економикатә ҿиареи рыҟны ирымоу аихьӡарақәа.
Иахьа Башкорҭасҭан — ааглыхреи, аграртәи, асоциалтәи усхкқәа рыҟны, иара убас ибеиоу акультуратә ҭынха аиқәырхараҟны аихьӡара дуқәа змоу Урыстәылатәи Афедерациаҟны аԥхьагылара змоу арегионқәа ируакуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа иҷыдоу аидгыларатә ҟазшьа рымоуп. Убри аан ҳара ҳтәылеи Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи ирыбжьоу аидгылара есааира аӷәӷәахара мҩаԥсыуеит, ари иабзоураны ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рымҽхак ҭбаахоит, Башкорҭасҭани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа уи бзианы ирныԥшуеит.
Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсни Башкорҭасҭани традициала ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа акыр шықәсқәа рыҩныҵҟала ишьақәгылеит. Ҳара хырхарҭа рацәала зыҿиара мҩаԥысуа ари аимадара ахә ҳаракны иаҳшьоит.
Сара агәра згоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Башкорҭасҭан Ареспубликеи ирыбжьоу аусеицура аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа.
Ҳаҭыр зқәу Ради Фарит-иԥа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны, Башкорҭосҭан ауааԥсыра зегьы – аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара!»