АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2025

Бадра Гәынба аррамаҵзурауаа Арбџьар мчқәа рымш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы аррамаҵзурауааи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аррамаҵзурауааи аветеранцәеи!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш! 

Жьҭаарамза 11  ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акрызҵазкуа рыцхәуп. 1992 шықәсазы, Ҳаԥсадгьыл аамҭа хьанҭақәа ианырҭагылаз, Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба Иусԥҟала иаԥҵан Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи.  

Ҳхьыԥшымра ахьчараҟны ихадароу ароль назыгӡаз аҭоурыхтә ҵакы змаз ари ашьаҿа, Аԥсуа ар аԥҵара аус уасхырс иазышьҭалеит, Ҳарбџьар мчқәа ашьақәгылара иалагеит, аибашьра адәаҟны ахачҳара дуи агәаӷьреи аарԥшуа.

Ҳара иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳашәоит Арбџьар мчқәа раԥҵара ахыҵхырҭаҟны игылаз , иара убас Аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз зегьы. Урҭ рфырхаҵареи рхамеигӡареи ҳара ҳзы наунагӡа гәадураны иҟазаауеит. 

Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа есааира аӷәӷәахара иаҿуп. Атәыла анапхгара иара убас хшыҩзышьҭра ду анаҭоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара арра-техникатә усеицура арҭбаара.

Азҿлымҳара ду аҭоуп хаҭалатәи аилазаара азыҟаҵара, урҭ рхачҳара, арратәи аоперативтәи зыҟаҵара арӷәӷәара.

Иахьатәи аҭагылазаашьаҿы ҳарбџьар мчқәа аибшьара иазхиазароуп. Аҳәынҭқарра абри аганахьала ҳар рматериал-техникатә лшара арӷәӷәаразы иалшо зегьы ҟанаҵоит.  

Акыр иаԥсоу аррамаҵзурауаа! Ари амш Ҳаԥсадгьыл ахьчараҟны зыда ԥсыхәа ыҟам – шәара шәымчи шәгәымшәареи ҵакыс иамоуп. 

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра,  ҳҳәынҭқарра – аизҳазыӷьара!».

 

 


Read 22 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.