pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз аофициалтә усмҩсԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз аофициалтә усмҩсԥгатә.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аҿиараҟны иҟарҵаз алагалазы.
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Бзиала шәаабеит! Иахьа гәахәара дула иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рыҟны: анаука, акультура, агәабзиарахьчара, аҟазара, аспорт, аҵараиураҟны, ҳҳәынҭқарра аргылареи Ҳаԥсадгьыл аинтерсқәа рыхьчареи рыҟны зааԥсара рацәоу, злгаламҭа дуу ауаа.
Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!
Аԥсны жәлар рҿаԥхьа иҷыдоу абарҭ шәылшамҭақәа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаԥсоуп аҟнытә ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден.
Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳтәылаҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҳҭон. Иахьа ара ҳаиқәшәеит Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵара иазықәԥоз, ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз иналукааша ауаа иҭабуп ҳәа шәаҳәарц азы. Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахы иақәиҭуп, ахьыԥшымра азхаҵоуп, аҿиара амҩа иануп.
Ара иҟоуп зхы иамеигӡакәа, хацәнмырхаҵәҟьа короновирус апандемиа иаҿагыланы, апрофессионализм, агәымшәара, аҭакԥхықәра ду аарԥшны шәҩыла ҳауаажәлар реиқәырхара зылшаз. Ари азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит!
Ҭҟәарчал ақалақь аҿы имҩаԥысит асоциалтә проектҟаҵара арҵара иазку ҩымштәи атренинг.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 16 рзы Ҭҟәарчал ақалақь, Иу. Н. Воронов ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №2 аҿы ихыркәшахеит асоциалтә проектҟаҵара арҵара иазку ҩымштәи атренинг. Апроект нагӡахоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки рыла.
Атренинг аспикер, аҿартә еиҿкаара IQan ахантәаҩы Мате Цквитариа 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа идирдырит асоциалтә проект аус адулара ашьаҭақәас иамоу, уи аҵакы, аформа, аҷыдарақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит. Анаҩс ашкол аҵаҩцәа акомандақәа рыла рҽеихыршеит, урҭ хазы-хазы рхатәы социалтә проект аиқәыршәара рҽазыршәеит. Иахьа акомандақәа аӡбаҩцәа ирыдыргалеит русура алҵшәақәа, аусураан ирызцәырҵқәаз ауадаҩрақәа, иқәдыргылаз ахықәкқәа, ирымаз аресурсқәа, уҳәа ирылацәажәеит, иара убас ахарџьынҵа еиқәдыршәеит.
Апроектқәа рыхьчара ашьҭахь, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки русзуҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа аиааира згаз акоманда алнакааит. Уи аҿартә клуб аԥҵара иазку апроект ҟазҵаз акоманда «Гении мысли» акәхеит. Апроектҟаҵаҩцәа ҿарацәа афинанстә дгылара роураны иҟоуп.
Аиааира згаз акоманда иалахәыз ражәақәа рыла, дара русура аҿартә клуб ахьыҟам рықалақь аҿы даара актуалра злоу акакәны иҟоуп.
«Аклуб апроект аҟаҵара аидеиа – Ҭҟәарчал аҿар рыбжьара аибабареи аҿиареи рзы зегьы рыла иманшәалоу, ҳаамҭа иақәшәо аҵакыра аԥҵара ауп. Иарбоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар арҿиаратә аланахаларақәеи аусмҩаԥгатәқәеи рыла рхы аарԥшра азы алшара роуеит.
Апроект акультуратә ҿиареи ауаа ҽыц рдырреи реибадырреи рзы алшара аԥнаҵоит», -ҳәа ирҳәеит дара.
Аҟәа ақалақь аҿы аӡахәааӡара азы атренингқәа мҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 – 16 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рзы арҵара-зыҟаҵаратә тренингқәа рцикл иацҵахеит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи Аиҿкаара апроекттә офиси Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациеи рааԥхьарала аҭыԥантәи аспециалистцәа рзы атренингқәа мҩаԥигон Испаниатәи аексперт Емилио Пеиро. Иҳаҩсыз ашықәс азы иара аҭыԥантәи аспециалистцәа рзы атренингқәа мҩаԥигахьан, уи Аԥсны аӡахәааӡаратә усхкы аҷыдарақәа зеиӷьаҟам ала идыруеит.
Емилио Пеиро имҩаԥигаз атренинг 30-ҩык рҟынӡа аӡахәааӡаҩцәа еиднакылеит, уи ааԥынтәи аамҭахәҭа азы актуалра злоу атемақәа ирызкын.
Атренинг актәи амш азы хадара злоу аетапқәа раҳасабала ааԥынтәи аҵиаақәа реилыхра атехника иалацәажәеит. Ахәҭакахьала, абарҭ аспектқәа ирыхәаԥшит: аҵиаақәа реилыхра азы еиҳа иманшәалоу аамҭа; ихымԥадатәиу аинструментқәа; ажь аӡахәа аструктуреи аҽаҩраашьҭреи риӷьтәреи рзы амахәқәа ииашаны реилыхра; аҵиаақәа аҳауа рыбжьысра аиӷьтәреи ачымазарақәа рацәыхьчареи рзы имыцху амахәқәа ииашаны рыхҵәара.
Серпухов ақалақь аҿы иқәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла артистцәа адирижиорцәа Нодар Ҷанбеи Мадина Чачхалиеи рнапхгарала аншлаг рыманы урыстәылатәи ақалақь Серпухов атеатр аҿы иқәгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агазеҭ «Комсомольская правда. Серпухов».
Ахортә капелла арепертуар аҿы иҟоуп – аԥсуа жәлар рашәақәа, еицырдыруа ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа раԥҵамҭақәа, аурыс музыка. Инагӡан иара убас аклассикатә репертуар аԥҵамҭақәа, ааигәа иаԥҵазгьы уахь иналаҵаны.
Арҿиаратә коллектив азыӡырҩцәа зеиӷьаҟам анагӡарала идыргәырӷьеит. Амузыкантцәа иҳараку рзанааҭдырратә ҟазара азгәарҭеит афестиваль аиҿкааҩцәагьы.
Акапелла артистцәа рықәгылара инарҭбаау апроект «Московский Пасхальный фестиваль» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан. Ари апроект ҳтәылақәа рыбжьара акультуратә диалог абжьаҵара иацхраауеит.
Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, абизнес-центр «Гәдоу-Плаза» аҿы иаатит Аԥсны Ахада иинформациатә Центр.
Аинформациатә Центр аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи.
Акоординатор Милана Ҵәыџьба Аинформациатә Центр аусура ахықкқәеи ахырхарҭақәеи дрылацәажәеит.
«Аинформациатә Центр ахықәкы хаданы иҟоуп ауаажәларра еиҳа актуалра злоу азҵаарақәа рзы оперативла адырра рыҭара иазку иҿыцу, еиҳа аеффективра злоу асистема аԥҵара. Иарбоу аплошьадка Аԥсны аус зуа аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рыпресс-маҵзурақәа, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа аус рыцурала аинформациа аизгара, анализ азура, анаҩс ауааажәларра рҟынӡа анагара иазырхахоит», – ҳәа илҳәеит лара.
Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҿы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы иҟоу авакансиақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Авиациатә занааҭқәа рпопулиаризациа, иара убас В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы иҟоу аусуратә ҭыԥқәа рыдгалара хықәкыс иҟаҵаны, лаҵарамза 16 рзы Очамчыра ақалақь Ахадара ахыбраҿы аҳаирбаӷәаза анапхгараҭареи аусзуҩцәеи ақалақьи араиони руааԥсыреи реиԥылара мҩаԥысит.
Аҳаирбаӷәаза ахархәара иҳараку аквалификациеи аԥышәеи реиԥш, аусуратә ԥышәа адагьы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәеи азанааҭқәеи рыла аусуратә ҭыԥқәа азԥхьагәанаҭоит.
Аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа иҟало авакансиақәа, иара убас акандидатцәа рахь иқәыргылахо азҵаарақәа, ахыдҵақәа, (ихымԥадатәиу аҵара, алшарақәа, адыррақәа, аԥышәа, уҳәа убас иҵегьы) ртәы еиҭарҳәеит, иара убас иҭацәу аусуратә ҭыԥқәа рахь акандидатцәа рызҵаарақәа зегьы рҭак ҟарҵеит.
Аҟәа ақалақь ирласу амедицинатә цхыраара автопарк иҿыцу ҩ-машьынак рыла ихарҭәаахеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь аҿы иҟоу иралсу амедицинатә цхыраара астанциа азы иҿыцу ҩ-машьынак аархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.
«Ирласу амедицинатә цхыраара астанциа автопарк ахәҭак ахьажәыз инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара анапхгара ирласу амедицинатә цхыраара автомашьынақәа ҩба раахәаразы аӡбамҭа аднакылеит. Мышқәак рышьҭахь автомашьынақәа иахәҭоу ашәҟәҭагалара мҩаԥганы ацәаҳәа ахь ицәырҵуеит. Аҟәа ақалақь ауааԥсыра агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.
Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, иҿыцу амашьынақәа ртехникатә ҟазшьарбагақәа рыла астанциа автопарк аҿы иҟоу егырҭ амашьынақәа акыр иреиҩсуеит ҳәа еиҭеиҳәеит.
«Ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа амашьыналасқәа рбазала иҟаҵоуп. Уажәтәи аамҭазы, амҩадуқәа рҿы лассы-лассы иҟало аиԥынгыларақәа раан амашьына аманиоврра акырӡа аанагоит. Амашьынақәа аҵәыҵәритә системалеи асалон аҿы иахәҭоу аиқәыршәагақәеи рыла еибыҭоуп. Уи зегьы апациент ианаамҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи ахәышәтәырҭа ахь ирласны инагареи аус акыр иарманшәалоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Џьопуа.
Аҟәа ақалақь аҿы Сариа Лакоба ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба дижьҭеи 120-шықәса аҵра инамаданы, Аҟәа ақалақь аҿы игылоу апрлитикатә репрессиақәа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, ареволиуционер, аԥсуа жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс, лаҵара 16, 1939 шықәсазы қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа лызхымгакәа лыԥсҭазаара далҵит.
85 шықәса раԥхьа қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа зызхымгакәа зыԥсҭазаара иалҵыз Сариа Лакәаба дыргәаладыршәит Аҟәа.
Лыхны ақыҭан иԥшааны ирымырхит 99 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны акриптовалиута арҳара иазку 99 аппаратқәа рыԥшаареи рымхреи рзы аоперативтә операциа мҩаԥыргеит.
Габлиа Римма Оҭар-иԥҳа ԥшәымас дызмаз амаининг-ферма Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭанахатәы ҩны адгьылҵакыра аҿы аус ауан.
Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иааныркылеит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазалхратә цәгьоурақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз, Аԥсны атәылауаҩ Деинеки Е.И. Машин зыԥсҟы икыз автомашьына Mercedes-Benz S320 ааныркылеит.
Амашьына агәаҭараан уи аҩныҵҟа иҭаҵәахыз амаининг аппаратқәа Whatsminer M30S хԥа рыԥшааит.